• 1 Азинмчра змоу идҵаало дарбану насгьы иарбан ҭагылазаашьақәоу уи зыхҟьо?

    Ахатәы зинқәа рыхьчаразы Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу идҵаалар рылшоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, аҳәаанхыҵтәи атәылауаа иара убас атәылауаҩра змам ауаа, насгьы атәылауаа ргәыԥ. Хшыҩзышьҭра ашәҭар ахәҭоуп Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи ахаланапхгарақәеи амаҵурауааи иҟарҵо (иҟарымҵо) аныррақәа рганахь ала ашшрақәа шҭиҵаауа, арзаҳалҩҩы уаанӡа дара иҟарҵаз (иҟарымҵаз) аӡбамҭақәа дырзашшызар, аусӡабрҭа мамзаргьы административтә еиҿкаашьала, аха урҭ уаанӡа иҟаиҵахьаз ашшра аганахь ала рыӡбамҭа дақәшаҳаҭымзар.

  • 2 Азинмчра змоу ашшрақәа ргәаҭара имҩаԥиго реиҿкаашьеи рҭагылазаашьеи

    Азинмчра змоу идгалахо ҩралатәи ашшраҟны иазгәаҭазароуп арзаҳалҩҩы ижәла, ихьӡ, иабхьыӡ иара убас иҭыӡҭыԥ, иҟаҵаз (иҟаҵамыз) аӡбамҭақәа еилырганы разгәаҭара, арзаҳалҩҩы иахәаԥшрала изинқәеи ихақәиҭреи еилазгаз ма еилазго, иара убас иара иашшрала иадкылақәаз аӡбамҭақәа рыхкьыԥхьлаа рыцны, аусӡбамҭеи административтә еиҿкаашьалеи еилыргақәаз. Азинмчра змоу ашшра идыжәгалаанӡа, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи шеилагоу шьақәырӷәӷәазар ахәҭоуп. Убри аҟнытә ауаажәларратә дкыларҭақәа рҿы мамзаргьы адукатцәа рҟны аконсультациа шәахысырц шәабжьгоуп. Азинмчра змоу уаанӡа иҭиҵаахьаз ашшрақәа реиҭагәаҭара мап рыцәкразы азин имоуп, уи азы аҭагылазаашьа ҿыцқәа шьақәымгылазар. Азинмчра змоу анагӡаратә усбарҭа деиуаӡам, амчра знырԥшу зинла деиқәыршәаӡам насгьы егьырҭ аусбарҭақәеи ахеидкылақәеи рыӡбамҭақәа аҟәихӡом, уи иӡбамҭақәа абжьгаратә ҟазшьа рымоуп.

  • 3 Хшыҩзышьҭра ашәҭарц ахәҭоуп

    Шәзызнеиз азҵаара гәаҭахоит ианадкылаз амш инаркны 5 усуратә мшы ирҭагӡаны, агәаҭаразы иадкылахаз мамзаргьы адкылара мап зыцәкхаз аӡбамҭа адкыларазы иҭанагӡаз аамҭа. Шәзызнеиз азҵаара мап ацәкхозар, мап ацәкра зыхҟьаз амзыз шәдырдыруеит, иара убас шәзинқәеи шәхақәиҭреи рыхьчара ззынархоу адгаларақәа, анаҩстәи шәшьаҿақәа рыҟаҵараҿы ишәыцхрааша шәыдыргалоит.

    Азыҳәа аҩра

Азыҳәа анашьҭра