Азинмчра змоу азыҳәа идыжәгаларц шәылшоит хаҭала шәиҭааны мамзаргьы аелектронтә формала.

Азинмчра змоу ихьӡ ала азыҳәа ҩралатәи аформала адкылазар алшоит Азинмчра змоу иаппарат аҿы азыҳәақәа аус рыдулара зкомпетенциаҟны иҟоу аусзуҩы хаҭала иҭаарала. Азыҳәа хымԥада иагәылазарц ахәҭоуп ашшра азҵаарала иадкылақәаз аӡбамҭақәа, аусӡбаратәи административтәи еиҿкаашьала иҭҵаақәаз. Аелектронтә формала инашьҭхо азыҳәа, Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изынашьҭхоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иофициалтә саит аҟны иҷыдоу аформа ахарҭәаарала.

Арзаҳалқәа, азыҳәақәа, насгьы урҭ рыҭҵаара аиҿкаашьа иазкны иҵегьы ихарҭәаау аинформациа адкылазар алшоит абри аҭел ала: +7 (940) 920-90-90.


Азыҳәа анашьҭра