Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иԥылара
06.02.2025

Аԥшьаша, жәабран 6, 2025ш. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иофис аҿы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадара ахаҭыԥуаҩцәа ркандидатцәа – Роберт Аршбеи Даут Агрбеи реиԥылара мҩаԥлгеит.
Аиԥылараҿы А.Кьышьмариа лусура далацәажәеит, атәылауаа рырзаҳалқәа рыхәаԥшраан аппарат изхәаԥшуаз апроблемақәа дрылацәажәеит, ҳтәылаҿы ауаҩы изинқәа реилагара иадҳәалоу аусеилыргарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи дареи реимадаразы иҟоу амеханизмқәа дрылацәажәеит. А.Кьышьмариа иазгәалҭеит еилагоу азинқәа еиҳа хра злоу ахьчареи реиҭашьақәыргылареи рзы “Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу” Азакәан иахәҭоу аиҭакрақәа ралагалара шахәҭоу, насгьы Азакәан аконституциатә статус аҭара аҵакы ду шамоугьы. Азинмчра змоу иазгәалҭеит линститути аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи азакәанхьчаратә усбарҭақәеи рыбжьара аиҿцәажәара ашьақәыргыларазы аҵак ду шамоу. Азинмчра змоу иусураҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара, ҷыдала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ҳколлегацәа реимадара. А.Кьышьмариа Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоуи, Урыстәылатәи арегионалтә зинхьчаҩцәагьы русеицура алҵшәақәа қәҿиарала иазгәалҭеит, избан акәзар ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура аҿиара ахырхарҭақәа зегьы рҿы иацҵатәуп ҳәа илыԥхьаӡоит.
Р. Аршба алхратә кампаниа иазкыз ацәаныррақәа ртәы далацәажәеит. Уи иазгәеиҭеит алхратә процесси Аԥсны иааизакны иҟоу аҭагылазаашьеи азинтә ҳәаақәа ирҭагӡаны рыхьчара акырӡа шаҵанакуа. Убри аан, Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидат иазгәеиҭеит, Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа инагӡаны иззымдыруа амчқәа рыла алхратә кампаниа амҩаԥгареи аҽалархәреи рҽазышәарақәа ирыдҳәаланы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалара иадҳәалоу агәҭынчымрақәагьы шыҟоу. Р. Аршба, иара иганахьала, аҭагылазаашьа азинтә ҳәаақәа ирҭагӡаны аанкыларазы илшо зегь аҟаҵара дшазхиоу азгәеиҭеит. Иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқаараҿы ҳтәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара иазынархоу ихьыԥшым аусбарҭа аҿиара аҵак ду шамоу азгәалҭеит, насгьы иазгәалҭеит аҳәынҭқарра аусураҿы акыр зҵазкуа ахәҭақәа иреиуоуп ҳәа инаҵылшьит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу ицхыраара.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз А.Кьышьмариа Р.Аршба аҭааразы ҭабуп ҳәа иалҳәеит, иара убасгьы алхратә процесс азинтә ҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥгахо агәыӷра шлымоу азгәалҭеит. Аҵыхәтәан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа зегьы реиԥыларақәа рымҩаԥгаразы ажәалагала шыҟалҵаз азгәалҭеит.