Алхрақәа 2025
15.02.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада заанаҵтәи иалхрақәа рымҩаԥгара инамаданы, Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариеи аусбарҭа аусзуҩцәеи иаабац арежимла аус руеит, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы аккредитациа роуит. “Ҳара есыҽны, шьыжьымҭан инаркны, алхратә ҭыԥқәа раартра аамҭа инаркны урҭ рыркранӡа, иара убас абжьыҭирақәа рыԥхьаӡараан, заанаҵтәи абжьыҭирақәа рылҵшәақәа рылаҳәараан, алхрақәа рымҩаԥысшьа ахылаԥшра мҩаԥаҳгоит, насгьы уи апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны атәылауаа рзинқәа реилагаразы ааԥхьарақәа рыдкылара ҳазхиоуп. Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа, иарбан ҩаӡаразаалакгьы ауаажәларра рыԥсҭазаараҿы ианакәызаалакгьы ихадароу ҭагылазаашьоуп. Ҳара — адемократиатә ҳәынҭқарроуп, аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә ҭагылазаашьақәа шыуадаҩугьы, Аԥсны атәылауаа алхрақәа ҭакԥхықәра дула ирыдыркылоит. Алхрақәа рҽалархәра дарбанзаалак атәылауаҩ иусуп. Ҳалхрақәа аицлабрала имҩаԥысуеит, насгьы абжьыҭира алҵшәа ииашаҵәҟьаны атәылауаа зегьы рыбжьы иадҳәалоуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп алхрақәа азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥысуа, ирыларҳәоу алҵшәақәа ауаажәларра ҳаҭырла ишрыдыркыло», - ҳәа иазгәалҭеит А.Кьышьмариа.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра