Аԥсны Аҳәынткаараҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа иҟалҵаз аҳәамҭа
18.02.2025

Урыстәылатәи Афедерациа аусеилыргаратә комитет ахантәаҩы Александр Бастрыкин иҟаиҵаз адҵа инамаданы, Аԥсныпресс излаанацҳауа ала, Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рзинқәа ршәарҭареи рзинқәа реилагарақәеи рзы апроцедуратә ҭҵаара аиҿкааразы, Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭкарра апрокуратура хада анапхгареи рахь иахәҭоу аҳәарақәа рышьҭит.
Алхратә кампаниа аусураан, насгьы алхрақәа раан, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусбарҭа иаабац арежимла аус ауан, ҳәа адырра ҟарҵеит аофициалтә ресурсқәеи ареспублика аинформациатә хархәагақәеи рҿы.
Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа ишазгәарҭаз ала, алхратә кампаниеи абжьыҭиратә процедуреи аилагарақәа ҟамҵакәа имҩаԥысит. Убри аан, иазгәаҭатәуп, аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы хыԥхьаӡара рацәала аинформациатә хархәагақәеи, аинтернет аресурсқәеи рыла аполитикатә мзызқәа ирыхҟьаны иҟаҵаз ацәгьаурақәа ирызку адыррақәа шрыладырҵәоз, аха урҭ ацәгьаурақәа азинхьчаратә усбарҭақәа рыла аусеилыргаратә теманы иҟамлаӡеит. Иара убас, азинмчра змоу иҟны уи иадҳәалоу азыҳәарақәа ҟамлаӡеит.
Азинмчра змоу иусбарҭа ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аерманцәа Реилазаара» иахылаԥшуеит, аинтернет аҿы аерман милаҭ змоу атәылауаа рышьҭашәарыцарақәа рзы ааԥхьара ҟазҵо аудиоҭаҩрақәа ирызкны аиҿкаара ахантәаҩы А. А Минасиан иҟаиҵаз ааԥхьара инақәыршәаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу динхаҵарала, милаҭла, мамзаргьы даҽа мзызк иахҟьаны ауаҩы изинқәа реилагара ҟалашьа амам ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит. “Ҳтәыла Аконституциеи азакәанқәеи реилагара адагьы, амилаҭтә мзызқәа ирыхҟьаны ақәымчрақәа ҳтәылаҿы инхо ажәларқәа рҭаацәара ркультуреи, рҵасқәеи, рдунеихәаԥшышьеи шьаҭанкыла еиҿагылоуп. Ҩажәи хԥа шықәса раԥхьа ҳара иаҳхаҳгеит аибашьра, уи иацын амилаҭтә рыцқьара, насгьы ақырҭуа милаҭтәым ауааԥсыра рмилаҭтә ҵаҵӷәқәа рыла рышьҭашәарыцарақәа. Аԥсуа жәлар имаҷымкәа ашьҭашәарыцара иацу агәаҟрақәа инагӡаны ирхыргахьеит. Аԥсны иҟаз Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет ар ргәыԥ акомандаҟаҵаҩ алаҳәара ҟаиҵеит аҿагылара ҟалар, аԥсуаа рмилаҭ зегьы хәыҷи-дуи рықәхра. Ҳауаажәлар акыр ҵуеит амилаҭеилыхратә вирус цәгьа рҽацәырыхьчеижьҭеи, аха  рыцҳарас иҟалаз, ҳара иаҳбоит амчрақәак ари азҵаара ҳпрограммахь аиагара шырҭаху. «Ари ҟалашьа амам», — лҳәеит А.Кьышьмариа.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра