IX Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатәи конференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы апроблемақәа: Аомбудсменцәа еиӷьу рԥышәақәа реимдара"
23.10.2025

  Аԥшьаша, жьҭаарамза 23 азы, Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Татиана Москалькова лнапхгарала, Москва ақалақь аҿы имҩаԥган IX Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы апроблемақәа: Аомбудсменцәа еиӷьу рԥышәақәа реимдара". Аконференциа адиджитализациа аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаҩы изинқәа рыхьчара иазкын.
  Аконференциа иалахәыз аофициалтә салам рзынарышьҭит Урыстәыла Ахада Владимир Путин, Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко, Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин, адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, Ихьыԥшым Атәылақәа Реидгылара Амаӡаныҟәгаҩ Хада Ихаҭыԥуаҩ Ильхом Нематов, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Ахантәаҩы Мириана Сполиарич.
  Аконференциа алахәылацәа иазгәарҭеит адиджитализациа иҿыцу алшарақәа шаанартуа, аха иара убас ашәарҭарақәагьы шацу. Убри аҟнытә, ауаҩы ихатә дыррақәа рыхьчареи, аинтернет ала ауаҩы изинқәа рыхьчареи раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иҟазароуп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа лажәахә аҿы иазгәалҭеит: "Адиджитализациа ҳаамҭазтәи ауаа рыԥсҭазаара акырӡа иармариоит. Убри аамҭазы, ашәарҭарақәагьы цәырнагоит, анаркотикқәа рыларҵәара асфераҿы.
  Иԥсабаратәым аинтеллекти адиджиталтә технологиақәеи рыҿиараҿы, иаҳхаҳмыршҭлароуп аҵабыргра: ауаҩы ауаҩы дшииҭаху".


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра