Анас Кьышьмариа Владимир Делба абзазаратә ҭахрақәа рзы афымцамч аахәара иадҳәаланы, иаарту аофертқәа рыҭаразы “Амшынеиқәафымцамч” иҟанаҵаз Аиқәшаҳаҭра инамаданы аҳәамҭа ҟалҵеит
20.10.2025

Жьҭаарамза 21, 2025 ш. ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Аԥыза-министр иахь ашәҟәы лышьҭит, уа иазгәаҭоуп «Амшынеиқәафымцамч» иҭнажьыз абзазаратә ҭахрақәа рзы афымцамч адгаларазы аиқәшаҳаҭраҿы ахархәаҩцәа (абонентцәа) рзинқәа шеилаго.
Анас Кьышьмариа иҟалҵаз аҳәамҭа, иарбоу аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа ирызыкуп «... абонентцәа ас еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа рыла ирыҭо азинқәа еиланагоит, – «Амшынеиқәафымцамч» афымцалашара аашьҭра иахҟьаны иҟоу аԥкрақәеи анормақәеи ирықәшәом, иара убас, уи иадҳәаланы ахархәаҩцәа рмазара аԥхасҭараан аҭакԥхықәрагьы рыдым».
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иара убас иазгәалҭеит, иарбоу аиқәшаҳаҭра абонентцәа ишрыднагало алхра алшара: уи аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа ақәшаҳаҭра, мамзаргьы фымцалашарада аанхара. Ари аҩыза алхра, «Амшынеиқәафымцамч» абонентцәа аиқәшаҳаҭра адкылара рыднацалоит. Азинмчра змоу лгәаанагарала, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа афымцамчтә џьармыкьаҿы «Амшынеиқәафымцамч» иамоу амчхара (амонопольтә) аҭыԥ ииашамкәа ахархәара азоуп.
Убри инамаданы, Анас Кьышьмариа Володимир Делба диҳәеит ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара, ари аиқәшаҳаҭра аԥыхра алшара дазхәыцырц, иара убасгьы «Амшынеиқәафымцамчи» абонентцәеи реизыҟазаашьақәа атәылауаҩратә зинқәа инарықәыршәаны имҩаԥгазарц.
Азхьарԥш ихарҭәаау атекст зегьы иаагоу афаил аҿы иарбоуп.