Аԥсны Аҳәынҭқарра алхратә комиссиа ахадара жәларбжьаратәи алхратә конференциа мҩаԥнагеит
07.11.2025
Абҵарамза 7 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа ахадара "Аполисрацәатә адунеи аҿы алхрақәа: асуверенитет, агәрагара, алхратә процессқәа реиҭакра" ҳәа хьӡыс измоу аконференциа мҩаԥнагеит. Аусмҩаԥгатә еиднакылеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аекспертцәа, иара убас ауаҩы изинхьчаҩцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа еизаз рахь ажәахә ҟалҵеит. Лара лажәахә аҿы инаҵшьны иазгәалҭеит ииашоу, иаарту алхрақәа рымҩаԥгара адемократиа шьаҭас ишамоу, насгьы атәылауаа рзинқәа рыхьчара иадҳәалоу аҵак ду шамоугьы.
Ҳара ҳанхоит агеополитикатә ландшафтқәа ирласны рҽанырыԥсахуа аамҭазы. Уи ауаажәларратә ԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы иуԥылоит, ҳәарада, алхратә процессқәагьы уахь иналаҵаны.
Иара убас, иадҳәалоу азҵаарақәа цәырнагоит: адәныҟатәи афакторқәа алхратә кампаниақәа рымҩаԥысшьа анырра ду, атәылауаа ргәазыҳәара ииашаҵәҟьаны ахьыԥшымра аиқәыршәара шҳалшо; абжьыҭиратә процесс ахаҭеи алхрақәа рылҵшәақәеи рзы агәрагара аиҭашьақәыргылареи арӷәӷәареи; адезинформациеи аманипуляциеи рҿагылара; насгьы иҟоу алхратә система еиуеиԥшым аиҭакрақәа шыҟаҵатәу, уи агәрагареи азакәанреи рыхьчара.
Абри азоуп иахьа абра ҳаззеизаз, арҭ азҵаарақәа зегьы реилкаара ҳҽазаҳшәарц азы», - ҳәа иазгәалҭеит аомбудсман.