IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "Аҳәынҭқарратә мчра архитектура: ашьақәгылара, аҿиара, аԥеиԥш"
25.09.2025
Цәыббрамза 22 инаркны 26 рҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иира ԥшьынҩажәа шықәса ахыҵра иазкны аҩбатәи Аԥсны азиндырратә амчыбжь мҩаԥысуеит.
Цәыббрамза 25 азы иалагеит «Аҳәынҭқарратә мчра архитектура: ашьақәгылара, аҿиара, аԥеиԥш» ҳәа хьӡыс измаз IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа апленартә еилатәараҿы ажәахә ҟалҵеит. "Иахьа ҳара ҳаизеит аҳәынҭқарратә напхгара акомплекстә система аилкаареи, уи аеволиуциа анализ азуреи, аиӷьтәразы иҟоу амҩақәа ралкаареи азы.
Ауаажәларратә мчра аструктура - ари аформалтә структура адагьы, ауаажәлар рҭахрақәеи раамҭа иашьашәалоу, зыԥсы ҭоу ацәеижь ауп. Уи аеффективреи аҵәцареи ирхьыԥшуп ауаажәларра рыбзазара, аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи, уи адунеи аҿы аконкурентра аиуреи.
Агәра ганы сыҟоуп, аконференциа иконструктивтәу ажәалагалақәа реиҿкаареи, агәаанагарақәа реимадареи рзы иаарту плошьадканы ишыҟало»