Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа дылԥылеит
25.09.2025

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа дылԥылеит
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусбарҭа даҭааит, уаҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа дылԥылеит.

Аиԥылараҿы Анас Кьышьмариа Апарламент Аиҳабы изеиҭалҳәеит азинмчра змоу аппарат аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәеи, аусураҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәеи ртәы.  Иара убас, лара инаҵшьны иазгәалҭеит жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҿиареи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аԥсуа-аурыс аусеицура арӷәӷәареи аҵак ду шрымоу.
Аиԥылараҿы иара убас иалацәажәеит ауаҩытәыҩсеи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара иадҳәалоу азакәанԥҵаратәи апрактикатәи азҵаарақәа.
Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизареи – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламенти – Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу  аусбарҭеи рыбжьара иҟоу аусеицура атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчаразы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыдкылара иацхраауеит ҳәа агәра ганы дыҟоуп.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра