Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ихадоу аныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Амш.
30.09.2025

Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ихадоу аныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Амш.
1993 шықәса, цәыббрамзы 30 рзы Аԥсны ар аибашьцәа аӡиас Ингәыр аҟынӡа инеит, уаҟа аԥсуа бираҟ шьҭырхит. Ԥшьынҩажәижәаба мши-ҵхи ицоз аибашьра Қырҭтәылатәи Аҳәынҭқарратә Хеилак аибашьцәа рҟынтәи инагӡаны ахақәиҭтәрала ихыркәшахеит.
Иахьа 32 шықәса ҵуеит Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Хеилак архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәхеижьҭеи.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра