Ауаҩы изинқәа Рыхьчаразы Азинмчра Змоу Анас Кьышьмариеи Адукатцәа Рпалата Ахантәаҩы Роза Занҭариаԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит
19.06.2026
Рашәарамза 19, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адукатцәа Рпалата Ахантәаҩы Роза Занҭариаԥҳа лааԥхьарала Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу Анас Кьышьмариа дылԥылеит.
Ахцәажәара тема хаданы иазыҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы социалла иуашәшәыроу атәылауаа ркатегориақәа хәыда-ԥсада азиндырратә цхыраара рыҭара азакәанԥҵаратәи апрактикатәи апроблемақәа рызҵаара, иара убас иарбоу аусхкы аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоуи Адукатцәа Рпалатеи рыбжьара аинырра ашьақәыргылара.
Атәылауаа рзы хәыда-ԥсада азиндырратә цхыраара ахьыманшәалоу аизырҳара хықәкыс иҟаҵаны Адукатцәа Рпалата Ахантәаҩы иарбоу аусхкы аҿы аусбарҭақәа рыбжьара аусеицура иазырхоу Аиқәшаҳаҭра апроект адылгалеит.
Анас Кьышьмариа лакәзар, апроблема актуалра шамоу азгәалҭеит, абри азҵааразы аинырра ашьақәыргылара дшазыхиоугьы лҳәеит.