Азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа дадҵаалеит «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәан ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иаҿагыло акәны иазханаҵарц
21.07.2021

 Азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа дадҵаалеит «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәан ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иаҿагыло акәны иазханаҵарц

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ашҟа «Агәабзиарахьчара иазку» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 аҭагылазаашьа аконституциара гәанаҭарц Азыҳәа налышьҭит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа адҵаалара шьаҭас иазышьҭахеит «Агәабзиарахьчара иазку» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 аҟны иарбоу ахшыҩзцара жәабран 8, 2016 шықәсазы №4031-с-v Аԥсны Аконституциа иахьынӡақәшәо инагӡаны аилымкаара.

Ажьырныҳәамза 29, 2016 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара – Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 аҟны иарбоу имииц ахәыҷы иԥсҭазааразы азин инаҭоит, иԥсы анҭала инаркны иԥсҭазаара аҟәыхрагьы мап ацәнакуеит. Ахәҭа 6 иара убри ахәҭаҷ аҟны изларбоу ала ахәыҷы диаанӡа ишьразы ашьауӷатә ус хацдыркуеит, ахәыҷы иан лымгәарҭаҿы даныԥсуа аҭагылазаашьақәа аламҵакәа (п. 1).

Азинмчра змоу иҟалҵаз Азыҳәаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәани Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа анормақәеи иакымкәа реиқәымшәарақәа азгәалҭеит, урҭ рахьтә: Аԥсны Аҳәынҭқарра «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәан аҭагылазаашьақәа иртәу ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 уажәы излаҩу ала ирҿагылоит Аконституциа ахәҭаҷқәа 1, 11, 12, 13, 13.1, 19, 34, 35 насгьы ауаҩы ԥсҭазаарала иқәнаго изинқәа ирҿагылоит – раԥхьаӡа иргылангьы имоу аԥсҭазааразы азин (Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ. 13). Азакәанԥҵаҩ аԥҳәыс лцәа лтәымкәа даныҟоу лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылозар, лгәабзиареи лыԥсҭазаареи хьчатәызар ари аҭагылазаашьа алиршоит;

Аԥсны Аҳәынҭқарра «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәан ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 насгьы Аконституциаҟны иазгәаҭоу ахәҭаҷқәа рҟны иҟоу аиҿагыларақәа акорреспондентра зуа акәны иазхаҵазарц ҟалом ахәҭ. 2 ахәҭаҷ 13.1, избан акәзар аҵыхәтәан иарбоу шьақәыргылазар ауп системала аилыргара азурала, аԥсҭазааразы ахәдықәҵара азгәаҭарала (Аконституциа ахәҭаҷ 13) насгьы хазхаҭалатәи аԥсҭазаара амҩаԥгаразы азин адгаларала (Аконституциа ахәҭаҷ 14). Иарбоу системалатәи аконституциатә еилыркаара аҳәса имиц ахәыҷы иқәгараҿы рзин шьаҭара змам аԥкразы азин рнаҭом;

«Агәабзиарахьчара иазку» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 аҟны иарбоу аԥкра, азинеиҟараратә принцип иашьашәалаӡом, иазбан акәзар, адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра, ари аус аҿиара шьаҭас иазыҟалаз, имиц ахәыҷы иқәгараҿы азин аԥкразы ҵаҵӷәык аҳасаб ала изыҟалаӡом (хазхаҭалатәи аԥсҭазааразы азин аҳәаақәа ирҭагӡаны хазы игоу зинмчраны иҟоу) избан акәзар уи иаҿагылоит Аконституциа ахәҭ. 2 ахәҭаҷ 35, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рыԥкраҿы шьаҭас иазыҟало еилызкаауа.

Иарбоу «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәан аҳәса ргәабзиаразы рзин еиланагоит (ауаҩы изинқәа рзы Азеиԥш декларациа ахәҭ. 1 ахәҭаҷ 25 ахәҭ. Аекономикатәи, асоциалтәи, акультуратәи зинқәа рзы Жәларбжьаратәи апакт 1 ахәҭаҷ 12), ҷыдала, ахшараиуразы агәабзиара. Имиц ахәыҷы иқәгараҿы азин насгьы уи акриминалтә ҟазшьа аҭара аҳәса рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит урҭ ахәыҷы иқәымгара рыԥсҭазаара иаԥырхагахараны иҟазар.

Шьаҟрыл иаҵшьны иазгәалҭеит имиц ахәыҷы иқәгаразы азин жәларбжьаратәи апрактикаҿы ауаҩы ихадароу изинқәак раҳасаб ала ишыҟоу, иаԥхьаҟатәи иԥсҭазаареи игәабзиареи рганахь ала зхы иақәиҭуи хазхаҭалатәи аӡбамҭа адкылараҿы ахәдықәҵара изҭо. «Хазхаҭалатәи аԥсҭазааразы азин», имиц ауаҩы иқәгаразы (аборт) ахьазгәаҭоу, ауаҩы иԥсҭазааразы азин хадаратәла излеибарку акуп. Аҳәса ахәыҷы ииреи ма имиц ахәыҷы иқәгареи рызҵаара алхраҿы асоциалтәи амедицинатәи рбагақәа аныҟоу азин аҟамзаара аҳәса раганахь ала адискриминациа аформақәа зегьы раԥыхра акәны иҟоуп Аконвенциа ахәҭаҷ 1 инақәыршәаны (иадкылоуп Ассамблеиа Хада резолиуциала 34/180 ԥхынҷкәынмза 18, 1979 шықәсазы).

Азинтә ԥкрақәа егьырҭ аҭагәҭасрақәа рнаҩсгьы аҳәса хаҭала рхәыҷы дықәыргартә аҭагылазаашьа иҭанаргылоит мамзаргьы аквалификациа змам ауаа ирыдҵаалартә иқәнархоит.

Азинмчра змоу лгәаанагарала, имиц ахәыҷы иқәгаразы азин аԥкра ҳаамҭазы изеиԥшроу ҳахәаԥшуазар дидскриминациатәуп (Аконституциа ахәҭаҷ 12 аҟны иазгәаҭоу азинеиҟара апринцип еилазго), избан акәзар иша́́ҭаху еиԥш еиқәыршәоуп насгьы хазы игоу аҳәса ирзынархоуп.

Азыҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәан № 4031-с-v аҭагылазаашьақәа иртәу ахәҭ. 5 ахәҭаҷ 40 иагәылоу Аконституциа ахәҭаҷқәа 1, 11, 12, 13, 13.1, 19, 34, 35 ирықәымшәо ракәны азхаҵарахьы иаалыԥхьоит. Иара убас азакәантә аиасра алыршаразы аҳәамҭа аҟаҵара имиц ахәыҷы иқәгаразы азин аҟамзаара аҟнытә имиц ахәыҷы иқәгаразы азин аҭара амедицинатәи асоциалтәи рбгарақәа рыла.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра