Азинмчра змоу Амилаҭтә банк атәылауаа Аԥсны Аҵәахырҭатә банкқәа хегьы рҿы аҳәынҭхәыхшәаара рзымҩаԥгалартә иазхьалырԥшит
28.07.2021

Азинмчра змоу Амилаҭтә банк атәылауаа Аԥсны Аҵәахырҭатә банкқәа хегьы рҿы аҳәынҭхәыхшәаара рзымҩаԥгалартә иазхьалырԥшит

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лышҟа Аԥсны атәылауааи атәыла иқәынхо ауааԥсыреи Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аиуразы дара ирхарамыз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ианаамҭаз рышәҟәқәа ахьырзаламҵаз атәы знырԥшу ашшрақәа неиуеит.

Арзаҳалқәа зыҩуа иазгәарҭоит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы аиуразы (аԥсахразы) Аԥсны еиуеиԥшым ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟынтә Аҟәаҟа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ҭыԥк аҿы иахьыҟоу мацарахь иааны аҳәынҭхәыхшәаара мҩаԥыргар акәхоит. COVID-19 аҭагылазаашьа шыҟоугьы атәылауааԥсыра агәаран дуқәа рҟны игылар акәхоит, иара убас иҟазаргьы, Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ирыднагало ацхыраазы ахәԥса ахшәаатәуп (банк акомиссиа).

Араҟа иазгәаҭатәуп, хыхь иарбоу аҳәынҭхәыхшәаара адкылара назыгӡо акасса заҵә ЗҲәА «Аконсультант Ацентр» хазхаҭалатәи афирма ахьыҟоу ауп, ашәҟәқәа реиқәыршәаразы ԥарала ацхыраара адызгало, насгьы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа хазы игоу ҟәшангьы иҟам.

Ап. 12.1 Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Арегламент инақәыршәаны насгьы Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ақәзыршаҳаҭуа атәылауаҩшәҟәы аиқәыршәареи адгалареи ирызку ацхыраарала, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адҵаԥҟа жәабранмза 12, 2020 шықәсазы № 2113 инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ирымоуп ахақәиҭра Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы адгаларазы (аԥсахразы) хазхаҭала абланк аиура, насгьы ахарҭәаара, акоммерциатә хеидкылақәа рыцхыраара ашьҭаларада.

Азинмчра змоу акасса №1090 аҟны мацара аҳәынҭхәыхшәаара амҩаԥгара абанк аклиентцәа рзы аманшәаламра иҟанаҵо адагьы, апандемиа аҭагылазаашьаҿы атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рзы акыр ишәарҭоуп. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аполитика иара убри ала атәылауаа агәабзиаразы ирымоу рзин еиланагоит.

Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра аҭауа, атәылауаа агәабзиаразы ирымоу азин аиқәырхара хықәкыс иганы, атәылауаҩшәҟәыеиқәыршәареи зхаҭабзиара ҳараку ацхыраара адгаларахьы анеирҭа рыҭареи, иара убас COVID-19 аҿкы ажәлар ирыламҵәарц азыи Азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа ишҟа лхы рханы ашәҟәы изылҩит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы адгаларазы (аԥсахразы) насгьы егьырҭ аконсултә хәыхшәаарақәеи рзы Аԥсны иарбанзаалак Аҵәахырҭатә банк аҿы аҳәынҭхәыхшәаара рзымҩаԥгаларц, Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы аус зуқәо, Аԥсны Аҵәахырҭатә банк №1090 акассатә еимадара иахьаҵанамкуа.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра