Есышықәсатәи ажәахә иазкны ачынуаа иҟарҵо анырра иазку Азинмчра змоу линтервиу
23.08.2021

Есышықәсатәи ажәахә иазкны ачынуаа иҟарҵо анырра иазку Азинмчра змоу линтервиу

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Лаппарат асаит аҟны уажәшьҭа мызқәак ҵуеит Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу 2020-шықәсазтәи лажәахә аԥхьара ахьауа. Ари уажәшьҭа аҩбатәи шәажәахә ауп, Шәара шәофис иазыҟанаҵаз. Анапхгаратә усбарҭақәа рахьтә уи аганахь ала ныррақәак ҳәа крыҟоума?


Анырра ҟаларц азы, иҟазароуп Апарламент ахь адгаларазы алшара. Угәы еихьнашьыртә иҟоуп, аха ус еиԥш алшара сымамызт. Апарламент аԥсшьарахь ицеит, Азинмчра змоу еиқәлыршәаз аҳасабырба иазымӡырҩыкәа. Иазхәыцны изызнеиз усхкын ҳәа сызҳәаӡом. Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изакәан аҿагылара ауп ари иаанаго, сара исыздырӡом Апарламент ари аганахь ала иаҳәарц азы иамоу, Апарламент аиҳабгьы дналаҵаны, избанзар иара ихаҭагьы ари азҵаарала сиҿцәажәахьан. Ирацәаҩуп ачынуаа, иара убас адепутатцәагьы Азинмчра змоу лаппарат асаит гәазымҭо, аусшәҟәқәа иазнархио иамыԥхьақәо. Ус акәымкәа Апарламент аҟны аҳасабырба иазыӡырҩызҭгьы насгьы уи аилыргара мҩаԥыргазҭгьы, усҟан анагӡаратә мчрақәа, аминистррақәеи егьырҭ аусбарҭақәеи рыхшыҩзышьҭра иҵегьы еиҳахон, зусура ари аҳасабырбаҿы анализ ахьазу. Араҟа иҳәатәуп, аҳасабырбаҿы ишазгәаҭоу иреиӷьым ахәшьара Жәлар Реизара аганахь алагьы, уи иагьазхьамԥшӡеит 2018-2019 шықәсқәа рзтәи аҳасабырбаҿы иҟаҵаз ахәшьара Жәлар Реизара аганахь ала еиқәыршәаз, уи уажәшьҭа ианыԥшит 2020-шықәсазтәи аҳасабырбаҿы. Иуадаҩуп аҳәара изыхҟьаз Жәлар Реизара шықәсык иҭагӡаны знымзар зынгьы аамҭа ахьазымԥшааз дара Рықәҵара инақәыршәаны ареспубликаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчразы ихымԥадатәу азнеишьақәа разыԥшаара.


Аха ажәахә аҿы иарбоуп урҭ ралхыҩцәа рзинқәа шеилагоу атәы?


Ааи, иҵабыргны ус ауп. Иҟоуп имаҷымкәа аҿырԥштәқәа, ауаҩы изинқәа реилагара ачынуаҩ ламысдарала идҵақәа ахьынаигӡо иахырҟьаны, мамзаргьы азакәан ихарҭәааны анамыгӡареи аиҿагыларақәеи рзы, мамзаргьы лассы иаҳԥыло азакәан зынӡагьы аҟамзаара. Ҳәарас иаҭахузеи, адепутатцәа апроблемақәа асистематә ҩаӡараҿы аӡбара иадгылозар, усҟан ари ажәахә иадгылар рыхәҭоуп, уаҟа зегьы анализ азуп, насгьы аргументқәа қәнагалаҵәҟьа иаагоуп, иагьазгәаҭоуп ҷыдалатәи шьаҭара зызуи адгаларақәа. Даҽакала иаҳҳәозар, адепутатцәа имҩаԥыргараны иҟаз акыр зымҽхак ҭбаау аус нагӡоуп. Ҳара еиқәҳаршәаз имаҷымкәа дара шьаҭас иргар ҟалоит. Шықәсык иалагӡаны ҳара хшыҩзышьҭра ду аҳҭоит темацыԥхьаӡа, ҳажәахә аҟны иазгәаҳҭо, - аҭҵаарақәа мҩаԥаагон, аекспертцәа адҳаԥхьалон уҳәа уб. иҵ. Ари ҵакыс иамоу уи ауп, ашықәс алагамҭазы Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лажәахә иазыӡырҩтәуп нас уаҟа иазгәаҭоу зҵаарацыԥхьаӡа инақәыршәаны аус утәуп, азакәан еилазгақәаз ачынуаа, мамзаргьы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа ари аҭагылазаашьа ариашаразы алшара роурц азы. Аха иалҵуа уи ауп, ҳара имҩаԥааго аус рацәак азыҳәа амам.


Анагӡаратә мчра аганахь ала анырра ҳәа крыҟоума?


Сгәы иаанагоит хәымз ҳамԥшыр акәын Апарламент еизаанӡа Азинмчра змоу еиқәлыршәаз аҳасабырба иазыӡырҩырц азы. Лаҵарамза 7 рзы ҳсаит аҿы ажәахә иага иаҳкьыԥхьзаргьы, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рышҟа уи ахкьыԥхьлаақәа рзаҳшар акәын. Уажәы убас иҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп. Иҟалап аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәу аиԥыларақәа мҩаԥаагар, зусурақәа ари ажәахә аҟны иарбақәоу, арҭ аусбарҭақәа рҟны аҭыԥ змақәоу аԥҟареилагарақәа ҳрылацәажәоит, насгьы урҭ раԥырҟәҟәаразы иарбан знеишьақәоу иазыԥшаатәу ҳарзааҭгылоит.

 

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иазлырхиаз ажәахә аелектронтә форма мацарала аума ишыҟоу? Мамзаргьы икьыԥхьу ахкгьы ыҟоума?


Апандемиа иахырҟьаны афинанстә уадаҩрақәа ҳахьрықәшәаз инамаданы ажәахә акьыԥхьтә формала макьана еиқәыршәаӡам. Аха уажәы афинанстә цхыраара ахьҳауз иабзоураны атипографиаҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит.

 


Азинмчра змоу иазлырхиаз ажәахә актәи излеиԥшымзеи аҩбатәи (2020-шықәсазтәи)?


Актәи ажәахә еиҳа инеиҵыхын, иамҽханакуаз рацәан. Аҩбатәи ажәахә аҟны еиҳа ҳаззааҭгылаз апроблемақәа ракәын, зызҵаарала ашшрақәа ҳадаҳкылоз. Азинӡбарҭахь анеирҭазы азинеиқәыршәара аеффективра амамзаара, азинхьчаратә усбарҭақәа рыла азинқәа рыхьчара, ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҿы ауааԥсыра рзинеилагара азҵаарақәа ҳарзааҭгылеит. Асоциалтә ҟазшьа змоу апроблемақәа ирызхьаԥшуп – аҳәынҭқарра, иага угәы унархьуазаргьы, асоциалтә хьчара, атәанчахәытә еиқәыршәара рзеиҿнакааӡом. Апандемиа аҭагылазаашьаҿы арҭ апроблемақәа иҵегьы еиҳахеит. COVID-19 апандемиа аамҭа иалагӡаны ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рықәныҟәара иадҳәалоуп ажәахә атема ҿыц.


Анапхгаратә мчрақәа рганахь ала ишәыдгылоит ҳәа шәгәы иаанагоума, мамзаргьы шәусура – апроблемақәа рышьақәырӷәӷәареи анализ рзуреи роума?


Ари ажәахә аҟны аусӡбарҭатә намыгӡара ауп ҳазлацәажәо, апрокуратура аганхь ала ауаҩы изинқәа ргәаҭараҟны аеффективра аҟамзаара. Иааҩуа ашәҟәқәа рҟны аусзуҩцәа рганахь ала ауаҩы изинқәа реилагара атәы ахьазгәаҳҭо, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахь ала изықәнагоу анырра ахьыҟам ауп ҳара иалаҳкаауа. Ҳара ҳашәҟәқәа рҟны еиуеиԥшым аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа иҟоу аилагарақәа аԥырхырц, ауаҩы изинқәа реилагаразы русзуҩцәа аҭакԥхықәра иақәдыршәарц, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара анормақәа рықәымныҟәара иазкны ишазгәаҳҭоугьы, изықәнагоу анырра ыҟам. Азинмчра змоу изакәантәу лусура ачынуаа ралаларазы административтә хәдықәҵарахь радыԥхьалара шыуадаҩу атәы сҳәахьеит, избан акәзар закәанла иҟам усбарҭак, ас еиԥш азинеилагаразы аԥкаанҵа еиқәзыршәо уҳәа уб. иҵ. Убри аҟнытә ҳара анаҩс аӡбарҭақәа ҳрыдҵаалар акәхоит.
Иҵегьы аеффективра ҟаларц азы, иашьашәалоу азинмчра ҳҭаххоит. Иалкаау азинмчрақәа ҳамоуп, аха урҭ аҿиара рҭахуп, иаҳҳәозар, ҳара ҳзинмчрақәа апроцессуалтә кодекс аҟны иарбазар ауп. Иаҳҳәап, азинтә ҭышәнмыртәалара зыдҳәалоу уи ауп, Азинмчра змоу иага Аконституциатә ӡбарҭахь азыҳәа азынашьҭразыАконституциатә ӡбарҭа иазку Азакәан ахаҭа Азинмчра змоу еиқәиршәо азыҳәақәа иазааҭгылаӡом. Еилакаауп, Азинмчра змоу изку азакәан иазыԥхьагәаҭан еиҳа ихьшәаны, Аконституциатә закәан аасҭа. Аха зегьы еиқәшәо реиҿкаара хымԥада иазхьаԥштәуп. Уи азы, иҵакыданы аус аамуларц, насгьы ауаҩы изинқәа реилагара зыдҳәалоу апроблемақәа иҵабыргыҵәҟьаны еиқәшәарц азы, ииашаҵәҟьаны урҭ ӡбахаларц азы, Азинмчра змоу изинмчра закәанԥҵарала ирӷәӷәазар ауп.


Апарламент изықәнагоу аԥсахрақәа аланагала ҳәа агәыӷра шәымоума, насгыь Азинмчра змоу иинститут арӷәӷәома, уи ала азинмчра ацҵауа?


Апарламент адепутатцәа урҭ ралхыҩцәа рзинқәа рыхьчара усӡбатәны ирымазар, Азинмчра змоу азакәанԥҵараҟны аус зыдулатәу ахьыҟоуи аиҿагыларақәа иҟоуи ирыхьҟаны лкомпетенциа аҳәааақәа маҷк ишыԥку атәы гәарҭар ахәҭоуп. Избан акәзар абарҭқәа зегьы ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы аԥықәсларақәа ҟарҵоит. Шәара ижәдыруама, аусқәа рыҭҵаареи анаҩс урҭ анализ рзуреи акыр аамҭа шақәҳарӡуа, аха иҟаҳҵо авбақәеи адгаларақәеи рахь ныррак ҳәа акгьы ыҟам. Уи иаанаго, апроблемақәа ықәҵӡом ауп.


Шәара шәазыҳәарақәа еиуеԥшым аусбарҭақәа рганахьынтә ныррада иахьаанхо мамзаргьы Шәара шәусмҩаԥгараҿы шәзинқәа рыԥкреи рызҵаарала аусӡбарҭа шәадҵаалахьоума?

 

Ааи, ҳара ҳапрактиаҿы ари аҩызагьы ҟалахьеит, сара аусӡбарҭахь санадҵаалахьо, ара иазгәаҭатәуп аусӡбарҭазы азин аилагара шыҟазгьы. Иаҳҳәозар, Аратә усӡабрҭа иазхьамԥшӡеит Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иҟалҵаз административтә хҳәаа 2019 шықәса раахыс насгьы ҳазҭагылоу ашықәс азы нанҳәамза 11 азоуп аусӡбарҭа ари аус ианазааҭгыла. Исымоу агәынамӡара аасмырԥшырц сылшом аусӡбарҭа ауаҩы изинқәеи азакәани рганахь аҳаҭырдара ахьаанарԥшыз азы.

 

Ачынуаа ауаҩы изинқәа рыхьчара аиқәыршәара акырӡа ишаҵанакуа атәы реилкаара аганахь ала ипозитивтәу адинамика ҳәа крыҟоума?


Иаҳҳәап, аусӡбарҭатә нагӡаҩцәа ринститут аганахь ала, уа иҟоуп аиҭаҵрақәа. Избанзар акыр ашықәсқәа ирылагӡаны аусӡбарҭатә ӡбамҭақәа нагӡахаӡомызт. Иҟаҵамызт аусӡбарҭатә приставқәа ринститутгьы. Уажәы ари аинститут ыҟоуп, амчрагьы еизнарҳауеит маҷ-маҷ. Аха иҳәатәуп урҭ ҳара лассы-лассы ҳашрыдҵаало, урҭ рҟынтәгьы аҭак ҳауеит. Ҳәарас иаҭахузеи, Азинмчра змоу институтк мацара ачынуаа рзинеилкаара изацхрааӡом. Аиҿартәышьақәа рыԥсахра, иаанаго, апрактикақәа - уи акыр имаҷым мҩоуп. Иааидкыланы, ауаҩы изинқәа реиқәыршәаразы ачынуаа инарыгӡо ауалԥшьа еилыркааларц азы, ашкол ианҭоу инаркны арҭ аԥҟарақәа рылааӡатәуп.


Ишԥарызнеитәу ҳаамҭазтәи ачынуаа, ашкол ианҭаз ауаҩы изинқәа рыхьчара азнеира зырҵара иахьымӡақәаз? Мамзаргьы ауаҩы изинқәа рыхьчара дара рзы иактуалтәхоит Азинмчра змоу данырбало мацара?

Угәы унархьратә иҟоуп, аха ҳауаажәлар рҿы ари аҩыза аҭыԥ амоуп, ауаҩы изинқәа рыхьчара – ари Азинмчра змоу лнапынҵа ҷыда мацара ауп ҳәа аилкаара ахьыҟоу. Иҟаӡам аилкаара, атәыла Ахада инаиркны ачынуаҩ инареиҵоу иҟынӡа ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы аҳаҭыр аарԥшра ишыруалԥшьоу атәы. Нас ус анакәха, ҵакыс иамоузеи арҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟазаара? Урҭ ауаҩы изинқәа реиқәыршәара иацхраалароуп иагьеиқәнархалароуп. Иаҳҳәап, анхаразы инареиҵаӡоу алшара аасҭа еиҵоуп атәанчахәы, арахь уԥшыр ауаа аламыси ауаҩреи рахь иадрыԥхьалоит. Аха дарбанзаалак аламыс ахь адыԥхьалара иҟаиҵо акәымкәа, изинқәа ртәы иҳәалар, усҟан аҳәынҭқаррагьы иҵегьы еффективрала урҭ рынагӡара иашьҭалоит. Атәылауаа рзинқәа рыхьчара шаҭаху лассы-лассы ирҳәалар, усҟан урҭ рзинқәа рыхьчара ҷыдала знапы алакқәоу еиҳа еиӷьны аус рулоит досу рҭыԥқәа рҿы, избан акәзар ауаҩы изигқәа реилагаразы азинтә хәдықәҵара ҟалоит. Шәара еилышәкаауама, изықәнагуо атәанчахәы ҟалом, изықәнагоу аҵарадыррагьы убас, ҳаамҭазтәи иақәнагоу агәабзиарахьчара уҳәа уб. иҵ., ҳтәылауаа ирымоу рзинқәа азиндырра рхы иадырхәо иалагаанӡа. Аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхоит, мамзаргьы атәыла анапхгара аҽаԥсахуеит ҳәа агәыӷра аҭахӡам. Ишыҟоуҵәҟьа ҳҳәозар, атәылауаа қәнагала рыԥсҭазаара аиқәыршәараҿы ацхыраара рызҭо амчра змоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы амеханизмқәа роуп.

 

 

Аинтервиу лгон АПР адиректорцәа реилазаара алахәыла Лиана Кәарҷелиа



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра