Асида Шьаҟрыл: Аԥсны зхы иақәиҭу, ихьыԥшым, идемократиатәу тәыланы мацара ауп адунеи ахсаалаҿы иаанхарц ишалшо
02.04.2022

Асида Шьаҟрыл: Аԥсны зхы иақәиҭу, ихьыԥшым, идемократиатәу тәыланы мацара ауп адунеи ахсаалаҿы иаанхарц ишалшо

«Алада Уаԥстәыла Урыстәылатәи Афедерациа алалареи Аҩада Уаԥстәыла азааигәахареи ирызку агәаҳәара еилыскаауеит. Уаԥстәылатәи ажәлар дара изнысраны иҟоу рҭоурыхтә мҩа алхраҿы анаҩстәи ршьаҿаҟаҵаразы азин рымоуп. Алада Уаԥстәыла изныкымкәа уи агәаҳәара аӡбахә цәырыргахьан, ареферендум мҩаԥыргахьан», - Аԥсны Аҳәнҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл абас еиԥш аҭак ҟалҵеит АУА ахада Анатоли Бибилов иарзаҳал ахҳәаа алҭаразы Аԥсныпресс акорр. изҵаара аҭак аныҟалҵоз, Алада Уаԥстәыла Урыстәылатәи Афедерациа алаларазы аамҭа кьаҿк иалагӡаны азинтә шьаҿақәа аҟаҵара аҽаназнархиоз аамҭа адҳәаланы.

Аԥсны жәлар рганахь ала иҳәатәуп урҭ иалырхыз амҩа ишану, уи зеиԥшроугьы Аконституциаҿы ишьақәырӷәӷәаны ишыҟоу.

«Ихьыԥшым Аԥсны аргылара зыдҳәалоу ҳажәлар ралхра - ус машәыршақә иҟамлаӡеит. Аԥсны аҳәынҭқарратәра аиҭашьақәыргыларазы иакымкәа абиԥарақәа ауадаҩрақәа рҿагылараҿы рымчеилаҵа алҵшәоуп. 1992-1993 шықәсқәа рзы, Қырҭтәыла «Аԥсны аԥсуаа рыда» захьӡыз алозунг ала ианықәгылоз насгьы аихамҩа аиқәырхара ҽыӡгас иҟаҵаны аҭынч ԥсҭазаара ахьыҟаз ақалақьқәеи ақыҭақәеи иреихсуа ианалага, убри ала ахы анаркит ишьаарҵәыроу аибашьра хлымӡаах, усҟан ҳажәлар даҽазныкгьы иаӡәыкны ҳтәыла аиқәырхаразы рыжәҩақәа еибырҭеит иара убри алагьы зықьҩыла рыԥсы ақәҵаны иахьа иҳамоу ҳхақәиҭра ҳзааргеит. Угәы унархьратәы иҟоуп, аха иахьа уажәраанӡа иарбанзаалак атәыла Қырҭтәыла иаанарԥшыз агрессиа иаҿамгылеит, агрессор даҿаԥызҽуа асанкциақәа ҳәа акгьы еиҿкаамхеит, уимоу, асанкциақәа зықәдыршәаз Аԥсны акәхеит», - азгәалҭеит омбудсмен.

Уи лажәақәа рыла, Аԥсны ихьыԥшым зхы иақәиҭу идемократиатәу ҳәынҭқарраны аҟаларазы агәаҳәара шьаҭас иазышьҭоуп ҳажәлар ахақәиҭра аиқәырхаразы ирымоу азин, даҽаӡәы ҳилазмырҩашьо ҳхаҿра, ҳхатәы бызшәа аиқәырхара, ахатәы ԥсадгьыл аҿы ақәынхара ирыдҳәалоу азин.

«Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны ихьыԥшым зхы иақәиҭу идемократиатәу ҳәынҭқарраны мацара адунеи ахсаалаҟны ишаанхо», - азгәалҭеит Асида Шьаҟрыл.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра