АА аҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лаппарат аҟны АА ахада иҟны иҟоу Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоуи уи аппарат аусзуҩцәеи алархәны аиԥылара мҩаԥысит
06.04.2022

Аиԥылараҿы ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа, ахәыҷы инхарҭа ҭыԥ аилкаараан аԥсихолого-ԥсихиатриатә експертиза аиҿкааразы аусӡбарҭақәа рыла адҵаҟаҵара ҳреспубликаҿы ахәыҷтәы ԥсихиатриа шыҟамгьы (ахәыҷтәы ԥсихиатриа).

Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу Мақтина Џьынџьалԥҳа хшыҩзышьҭра алҭеит Аԥсны раионқәак рҿы ахәыҷы хылаԥшра иҭара знапы иану аусбарҭақәа аусмҩаԥгатә иашьашәалоу аҭагылазаашьақәа еиқәыршәаны ишрымам. Убри аҟнытә аамҭа кьаҿк иҭагӡаны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарата аперспектива иеиуаны иҟоуп ус еиԥш Аҭагылазаашьа аус адулара.

Убри анаҩсгьы, аҩбагьы аофисқәа рзиндырыҩцәа ахәыҷи уи иҭаацәа руаӡәки аусӡбарҭақәа рыдҵаалара аграфик иазку иконкреттәу аусқәа ирылацәажәеит, ахәыҷы интересқәа хшыҩзышьҭра аҭо азинтә нормақәа реиӷьтәра аус шадулатәу ахымԥадатәра азгәарҭеит.

Иара убас азиндырыҩцәа ахәыҷқәа реиқәырхараҿы аеффективра еиқәзыршәо иконкреттәу ажәадгаларақәа ирзааҭгылеит.

Алахәылацәа зегьы иактуалтәу азҵаарақәа рылацәажәаразы аиԥыларақәа ҩаԥхьагьы ишацҵатәу азы агәаҳәара аадырԥшит.

Шьҭахьҟа

Азыҳәа анашьҭра