Пицунда иҟоу аобиектқәа Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәразы аҭареи ахархәара аԥҟареи рзы Аиқәшаҳаҭра алацәажәара иазку аилатәара асессиахь ахалархәразы алшара лырҭарц Асида Шьаҟрыл Апарламет ахь аҳәара ҟалҵеит
03.10.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәразы аҭареи ахархәара аԥҟареи рзы Аиқәшаҳаҭра № 1095 – VII аратификациа азуразы аилатәара амҩаԥгара инамаданы Азинмчра змоу Апарламент адепутатцәа рахь аҳәара ҟалҵеит АА атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара аԥдырҟәҟәарц азы.

Азинмчра змоу изку азакәан инақәыршәаны Асида Шьаҟрыл Апарламент асессиа, Аиқәшаҳаҭра алацәажәара зызкыз аилатәараҟны ахалархәразы алшара лоурц аҳәара ҟалҵеит, избан акәзар уи аратификациа азура Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинқәа реиқәыршәара ишиашоу иадҳәалоуп.

Ақ. Пицунда Лӡаатәи амҩаду иқәынхақәо ауаа рыҩнқәа ирыдҳәалоу рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара иазку аусшәҟәқәа иара убас аинформациа Азинмчра змоу Апарламент иадылгалеит, абри Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, урҭ Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәрахьы ииасуеит.

АА ЖәР Аиҳаби апарламент адепутатцәеи рыхьӡ ала иҩыз ашәҟәаҟны Асида Шьаҟрыл еилырганы иазгәалҭеит 2022 шықәсазтәи Аиқәшаҳаҭраҟны аобиектқәа конкретла ишазгәаҭам, ажәлар рыгәҭынчымра еилкаауп, уи зыдҳәалоугьы Аиқәшаҳаҭра аилыргараан Апарламент адепутатцәа АА атәылауаа, зхатәы ҩнқәа ирыҩнақәоу, Урыстәылатәи Афедерациа иадгалахо адгьылқәа рҟны иҟақәоу, ринтересқәеи рзинқәеи хшыҩзышьҭра рырымҭар ҟалоит.

«Агеографиатә координатқәа хшыҩзышьҭра рыҭауа, Аиқәшаҳаҭра Агәлаҵаҟны иазгәаҭақәоу, Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәрахьы ииасуеит иазгәаҭоу адгьылтә ҵакыра иаҵанакуа аобиектқәа зегьы дгьылҭыԥла 343 геқтар инаӡо, урҭ рахьтә 180 геқтар – амшын акваториа ауп, 155 геқтар – аҳәырԥсарра иаҵанакуа адгьылҵакыра, 8 геқтарк – ақ. Пицунда анхарҭатә ҩнқәа иреиуоуп. Иазгәаҭоу адгьылтә ҭыԥқәа рҳәаақәа инарықәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәрахьы ииасуеит конкретла иазгәаҭам 105 обиект зхархәарақәа еилыргақәам, ахыбрақәа № 8, 9, 10 нарылаҵаны, аҳәынҭқарратә дача адгьылҵакыра иахьаҵанакуа иҟақәоу, иара убас анхарҭатә ҩнқәа, Лӡаатәи амҩаду иахьаҵанакуа иҟақәоу. Аҳәынҭқарратә дачақәа № 8, 9, 10 нарылаҵаны ахатәтәрахьы ииасуеит 45 административ-нхамҩатә хархәара змоу аргыламҭақәа 14 ргыламҭақәа зхархәара еиԥшым (аспорттә ҽазыҟаҵарҭақәа, пирс, аҵәахырҭақәа, абассеинқәа, арԥхарҭақәа уҳәа уб. иҵ.), иара убас 25 аиагаратә хархәагақәа (амшынтә ӡы абааш, ихадоу аобиектқәа рымшынтә ӡныҟәгага 2 метрак аҵаулара змақәоу, 1950 метра аура инаӡо, арезервуарқәа уҳәа уб. иҵ.), иара убас 20 анхарҭатә ҩнқәа, 40-квартира змоу, 16-квартра змоу иара убас 2-квартирак змоу аҩнқәагьы налаҵаны, ақ. Пицунда Лӡаатәи амҩаду аҟны иҟоу», - аҳәоит Ашәҟәаҟны.

Лӡаатәи амҩаду аҟны инхо атәылауаа, Азинмчра змоу лофис изныкымкәа иадҵаалахьеит анапхгара аусбарҭақәа ирзашшуа, Аминистрцәа Реилазаара, АА Ахада, АА Апарламент налаҵаны, урҭ рахьтә аныррақәа ахьыҟам иахҟьаны, урҭ рконституциатә зинқәеи рхақәиҭреи реилагара аҭак аҳасаб ала.

Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу лаппарат иадыргалаз ашшрақәа хшыҩзышьҭра рыҭауа, иҟаҵан алҵшәатә хшыҩҵак аҳабла Пицунда ахадара иара убас арратә хәҭа №54799-М ркомандаҟаҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра ихәдықәҵарази, Аконституциеи жәларбжьаратәи аусшәҟәқәеи рҟны иазгәаҭоу ауаҩы изинқәеи ахақәиҭреи шеилагоу, иара убас хазхаҭала анхареи, аиҭанеиааиреи аҭыԥ ақәынхареи рзингьы налаҵаны. «Ацәгьаҟаҵара хшыҩзышьҭра аҭара ихымԥадатәны исыԥхьаӡоит, абарҭ рҟны иаарԥшхаз:

1. Аҳабла Пицунда ахадара ақәҵара аднакылеит жәабранмза 18, 2000 шықәсазы №29, «Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә обиектқәа рхархәара иазку» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаареи Урыстәылатәи Афедерациа Ахыхьчара анапхгара хадеи ирыбжьарҵаз цәыббрамза 14, 1995 шықәсазтәи Аиқәшаҳаҭра хшыҩзышьҭра аҭауа, аха иара убри аамҭазы Аиқәшаҳаҭраҟны арратә хәҭа №54799-М Аиқәшаҳаҭра асубиект аҳасаб ала иазгәаҭаӡам.

2. Аҳабла Пицунда Ахадара, изакәантәу ашьаҭа рымамкәа – аҩнқәеи аквартирақәеи рзы аордерқәа ииашамкәа ишрыҭаз аусӡбарҭатә ӡбарада, аҩнқәа ирыҩнақәаз ауаа адырра рымҭакәа – аордерқәа аҟәыхын, акомандаҟаҵара акәзар, аҩнқәа ирыҩназ ауаа ирымаз ацынхәрас аордер ҿыцқәа рыдыргалеит аквартираамхыҩцәа рсиа инақәыршәаны, акомандаҟаҵара ишьақәнарӷәӷәаз.

3. Арратә хәҭа № 54799-М арратә хәҭа идырым адҵаҟаҵара (ақәҵара) ашьаҭала, азакәан амч змақәам, убри инеиҳангьы АА азакәанԥҵара асистемаҟны аконституциатә закәан амчқәа (АА Аконституциа ахәҭ. 35), ауаа ахьықәынхоз Лӡаатәи амҩаду аҟны ишәаҳау аанда ду ргылан агәаҭара-хыжьратә пункт ргыланы аиҭагәаҭаратә ҭыԥ аҭаны, уаҟа хымԥада атәылауаҩшәҟәы адгалатәуп. Акомандаҟаҵара аҭыԥан инхо ауаа иҷыдоу арежим иҭанаргылеит, арратә қалақьқәа ргәаҭара-хыжьратә система еиԥшхаз. Ус анакәха, аҩнқәа ирыҩноу ауаа акомандаҟаҵаҩцәа фактла ргәаҭара мҩаԥыргоит абарҭ аҩнқәа ирыҩноу № 11, 13, 15, 19, 21, 23, 25, 27, 29, 31, 33, 35, 37, 39, 41, 43, 45а иара убас урҭ ирзааигәоу адгьылҭыԥқәа», - аҭак ҟалҵоит Азинмчра змоу.

Иара убас, Ашәҟәаҟны иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра аҭауа, иазгәаҭазар ахәҭоуп хыхь иазгәаҭоу ауаа рыдҵаалара нахыс, Азинмчра змоу лаппарат Апарламент, Апарокуратура Хада, АА Атәыла Ахада рышҟа адҵаалара ҟанаҵеит, уаҟа иазгәанаҭеит АА атәылауаа рконституциатә зинқәа реилагара анырра арҭарц.

Ҷыдала игәаҭатәны иҳаԥхьаӡоит АА анхарҭатә фонд иатәу аобиекткәа ртәызаара, рхархәара, напхгара рыҭара иазкны азинтә напхгараҭара нагӡахароуп уаҟа иқәынхо ауааԥсыра рконституциатә зинқәа рыхьчарала, анхарҭаҭыԥи хазхаҭалатәи анхареи рзинқәа налаҵаны.

Иазгәаҭазар ахәҭоуп аус аҿы аусӡбарҭатә згәаҭара шыҟоу, уи инақәыршәаны аиагара аиқәыршәаразы азин шыҟам, иара убас амазара азинеилагара иадҳәалоу иарбанзаалак аусқәа мап шрыцәку, уи аиҩшара алзыршақәо. Ари аусӡбаратә згәаҭара нашьҭуп АА Амазареи ахатәтәреи напхгара рыҭаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ашҟа, Урыстәылатәи Афедерациа Ахьчаразы афедералтә маҵзура ашҟа, Гагратәи араиони аҳ. Пицундеи рнотариалтә конторақәеи рышҟа. Убри инамаданы Апарламент адепутатцәа абри аусӡбаратә згәаҭара хшыҩзышьҭра арҭарц ҳҽазаҳшәоит, иарбанзаалак аҭагылазаашьақәа рҿы аҳәынҭқарратә напхгарала еилагарц ззалымшо.

«Ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, хыхь иазгәаҭоу Аиқәшаҳаҭра 2022 шықәса аҟнытә аратификациа азура азҵаара алацәажәара мҩаԥысраны излаҟоу ала, Аиақәшаҳаҭраҟны иазгәаҭоу анормақәа шәыхшыҩзышьҭра азхьарԥшра уалԥшьаны исыԥхьаӡоит, АА атәылауаа рзинқәа реилагара, АА азакәанԥҵареи Аконституциеи ртәы ахьазгәаҭоу.

Ҷыдала ирыхьчоу аԥсабаратә дгьылҵакырақәа ажәлар ирхаҭараны иҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны хархәара рзухоит иагьыхьчахоит уи атәылауаа рыԥсҭазаареи русмҩаԥгареи рышьаҭак аҳасаб ала. Пицунда-Мысратәи аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра (3800 га) аиҳараӡак зҵакы дуу адгьылқәа рсиа налаҵаны, зыцәгара ҟамло, Аиқәшаҳаҭра 2022 шықәсазтәи аҟны иазгәаҭоу аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа адгьылҵакыраҟны акапиталтә ргыларақәа реиҿкаара, иара убри инамаданы аԥсабаратә хыҵхырҭақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуратәи аҭоурыхтәи малқәа ԥырхага рзура, абри аҭагылазаашьаҿы – Пицунда-Мысратәи аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра иҷыдоу аекологиатә система, иналукааша аклиматтәи анаука-ҭҵааратәи ахәԥса змоу, Аԥсуа жәлар рыдгьыли егьырҭ аԥсабаратәи хыҵхырҭақәа ирыҵаркуа зинеилагара дууп, АА Аконституциеи АА «Ҷыдала ихьчахо аԥсабаратә дгьылҭыԥқәа ирызку» Азакәани рҟны ишьақәырӷәӷәақәо.

Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра аҭо АА Жәлар Реизара – Апарламент VII ааԥхьара адепутатцәа шәахь схы рханы шәхьасырԥшуеит АА ажәлар рзинкәеи рхақәиҭреи реилагара шәымурц, аҳ. Пицунда Лӡаатәи амҩаду аҟны иқәынхақәо (хазхаҭалатәи анхаразы азин, анхарҭеи хазхаҭалатәи амазареи рзы азин, аҳәынҭқарратәи аусӡбаратәи ахьчаразы азин), Аԥсны жәлар адгьыли егьырҭ аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рзы азин, АА Аконституциаҟны иазгәаҭақәоу, убрахь инанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәразы аҭареи ахархәара аԥҟареи рзы Аиқәшаҳаҭра № 1095 – VII уи аратификациа азухар», - азгәалҭеит Асида Шьаҟрыл.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра