Асида Шьаҟрыл атәыла Ахада аенергетиказы Акомиссиа аԥиҵарц азы адгалара азлырхиеит
07.02.2023

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу ас еиԥш иҟоу арзаҳал азлырхиеит уахыки-ҽнаки ирылагӡаны 5 сааҭк ма еиҳаны алашара ахьыҟам иахҟьаны.  
Ишәгәалаҳаршәоит, абҵарамза 24 аҽны Асида Шьаҟрыл ас еиԥш иҟоу аинициативала дшықәгылаз.
«Абри аамҭа иалагӡаны, ауаажәларра хыԥхьаӡара рацәала азыҳәарақәеи арзаҳалқәеи шаздырхиазгьы, Аԥсны ахадара асистематә ҟазшьа змоу иалкааны, ҷыдалатәи аилкаара згәылоуи ари азҵаара ахьазгәаҭоу аӡбамҭа азышьақәнамыргылаӡеит, Аԥсны афымцамчтә хырхарҭа еффективрала аусура азеиҿкаахартә еиԥш, амилаҭтә енергетика аиқәырхареи аҿиареи шьаҭас измоу, аԥсуа ҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рызҵаатәқәа рзы ихымԥадатәны иҟоу. Иара убри аамҭазы, аенергетиказы Акомиссиа аԥҵаразы адгалара, Аԥсны аенергетика аҭагылазаашьа аилкараҿы ацхыраара аҭара зылшоз насгьы аамҭа кьаҿи аамҭа рацәеи ирылагӡаны ишьақәгылаз акризистә ҭагылазаашьа системала алҵразы апрограмма аиқәыршәара алзыршозгьы, иара убас Аԥсны аенергетикатә хырхарҭала аконцепциа аиқәыршәара аиҿкаара зылшоз иагьгәаҭамызт», - аҳәоит атәыла Ахада ихьӡ ала иҩыз Шьаҟрыл лышәаҟны.
Абҵарамза 24 аҽны иҩыз адгалажәаҿы иазгәаҭан Акомиссиа еффективрала аус аурц азы уи аилазаашьа шышьақәырӷәӷәатәу еиуеиԥшым аполитикатә мчракәа рыбжьара аконсенсус азнеишьала, еиуеиԥшым аспекулиациақәа рыҟалара аԥырҟәҟәарахьы анагара зылшоз насгьы ауаажәлар рыбжьара иконструктивтәу адиалог аиҿкаараҟны шьаҭарагьы аура алзыршоз аенергетикаҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбаразы амҩа алԥшаара иацхраауаз.
«Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра аҭо, даҽазныкгьы Шәышҟа адгалара аҩра хымԥадатәны иҳаԥхьаӡоит Акомиссиа аԥҵара аинициатива аиҿкааразы азҵаара ахмырԥакәа инагӡахарц азы, ареспубликаҿы аенергетикатә кризис аӡбара иазырхахо насгьы атәыла иқәынхо ауааԥсыра рзинқәа еиқәзыршәо аҳасаб ала.
Угәы унархьыртә иҟазаргьы, аенергетикатә хырхарҭаҿы ишьақәгылаз иуадаҩӡаҵәҟьоу аҭагылазаашьа, иара убас абри аҭагылазаашьа иалагӡаны зыҽзырцәгьоу аполитикатә кризис  Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭреи реиқәыршәараҟны, иара убас аԥсуа ҳәынҭқарра ашәарҭадара азҵаатәи рҟны негативла ирныԥшуеит», - алкаа азыҟалҵеит Асида Шьаҟрыл.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра