АА аҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл Аԥсны жәлар Аконституциа Амш рыдылныҳәалеит
26.11.2022


Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш, ҳара ҳзы уи, ҳәарада, акырӡа зҵазкуа аҳәынҭқарратә ныҳәа мшқәа ируакуп!
Аԥсны Аконституциа ишьаҭаркыроу адемократиатә хәы змаӡам ахырхарҭақәа шьақәнаргылеит – ажәлар рымчра аԥыжәара, ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭреи ҳаҭыр рықәҵара, азин аԥыжәара аҭара, азакәани аусӡбарҭеи рҿаԥхьа зегьы еиҟараны рызнеира, анапхгара русмҩаԥгара ацқьареи рҳасабырбара аиқәыршәареи уҳәа убас егьырҭгьы. Абарҭ хәы змаӡам азҵаарақәа рыла мацароуп ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра иҵегьы ирӷәӷәаны аргылара шзалыршахо.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы агәҭынчымра узцәырызго иреиуахеит атәылауаа рконституциатә зинқәа рҳәааркра иадҳәалоу ахҭысқәа рхыԥхьаӡара аиҳахара.
АИХ аҟны ацензура аҿацареи ажәа ахақәиҭраҿы аконституциатә зин аҳәааркра афақти ишәарҭоу атенденциа иадыргахеит.
Ажәа ахақәиҭразы аконституциатә зин, иара убас аидгылараҿы ахақәиҭраҟны ицәырҵуа ашәарҭара (аидгыларақәа русмҩаԥгаразы азингьы налаҵаны) насгьы атәылауаҩратә халархәразы азин «АҲәА ирызку Азакәан – аҳәаанхыҵтәи агентцәа».
АА Азакәанқәа рыпроектқәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҳәааркра аҿагылара иазку» насгьы «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә проектқәак аԥсахрақәа ралагалара иазку», раԥхьатәи аԥхьараҿы иадкылақәаз, иара убасҵәҟьа атәылауаа рконституциатә зинқәеи рхақәиҭреи рҳәаа ԥнакуеит.
Абри акырӡа зҵазкуа амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра тәылауаҩцыԥхьаӡа шәышҟа схы рханы ҳажәлар рзинқәеи рхақәиҭреи ашәарҭара ҭазыргылар зылшо иарбанзаалак Ҳконституциа аиҭахәаԥшразы азнеишьақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыратә акзаареи уи ахьыԥшымреи ԥырхага азҭарц зылшо анырра рышәҭаларц.
Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны жәлар, ахақәиҭра иаҵанакуа ибзианы еилызкаауа, ҳҳәынҭқарра аконституциатә шьақәгылашьа аиқәырхара шәылшап ҳәа.
Ишәзеиӷьасшьоит аманшәалареи уаҵәтәи амш шышьақәгыло агәрагареи!
Ихьыԥшыми идемократиатәуи Аԥсны аҿиареи ашәҭыкакаҷреи азеиӷьасшьоит!




Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра