Асида Шьаҟрыл Апарламент асессиа аилатәараҟны АА Аконституциа анормақәа реилагара иазку, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи, АА адгьылҵакыратә акзаареи ахьыԥшымреи рызҵаатәы ахьаныԥшу ажәахә лыманы ақәгылара хымԥадатәуп ҳәа дахәаԥшуеит
01.12.2022


Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәразы аҭареи ахархәара аԥҟареи рзы Аиқәшаҳаҭра № 1095 – VII (анаҩс – Аиқәшаҳаҭра) аратификациа азура иазку имҩаԥысраны иҟоу аилацәажәара инамаданы исхыдҵоуп ҳәа сахәаԥшуеит абри Аиқәшаҳаҭраҟны иазгәаҭоу анормақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинқәеи, Азакәанԥҵареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи реилагара алзыршо шракәу азгәаҭара.
Иазгәаҭоу аконтекс аҿы, ап. 2 ахәҭ. 15 «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изку» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, ақ. Пицунда Лӡаатәи амҩаду аҿы иқәынхақәо (хазхаҭалатәи анхаразы азин, анхарази хазхаҭалатәи ахатәтәрази, аҳәынҭқарратәи аусӡбаратәи ахьчара аиуразы азин) рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара, Аԥсны жәлар адгьыл ақәынхареи аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рзин, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны рыдкыларазы азин зыҟоу ирызку ажәахә сыманы ақәгылара хымԥадатәуп ҳәа сахәаԥшуеит.
Азинмчра змоу аппарат абри Аиқәшаҳаҭра АА азакәанқәеи АА Аконституциа анормақәеи, ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихыдҵақәеи еиқәзыршәо, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи адгьылҵакыратә акзаареи еиҿызкаауа еиланагоит ҳәа ҳахәаԥшуеит.
Цәыббрамза 28, 2022 шықәсазы Шәара шәыхьӡ ала (иалҵ. №104) ашәҟәы ҩны инасышьҭит, уаҟа Апарламент асессиаҿы, абри Аиқәшаҳаҭра иахьалацәажәоз ақәгыларазы азин сышәҭарц аҳәара ҟасҵеит.  Аха ахәҭ 132 Апарламент Арегламент аилатәараҟны ақәгыларазы иҳәаарку ауаа рсиа злашьақәнаргыло ала, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра аратификациа азура иадҳәалахо аилацәажәара ахьымҩаԥгахо, аҳәара ҟасҵоит Апарламент аилатәара ҟалаанӡа АА аҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу, абри Аиқәшаҳаҭра иалҵуа атәылауаа рзинқәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи Аконституциеи реилагара иазку сажәахә азыӡырҩразы арыцхә сзалышәкаарц.
Ажәахә азыӡырҩра иазку арыцхә Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат ахь хә-усуратә мшы шагу иаашәышьҭыц аҳәара ҟасҵоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауааи атәылауааи рзинқәа реиқәырхара иазырхоу еффективралатәи ҳаимадара шыҟало азы агәыӷра аасырԥшуеит.



Ҳаҭырла,
Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу                             А. Гь. Шьаҟрыл


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра