Европатәи Апарламент Ахантәаҩи, атәыла Ахадеи Европатәи Ахеилак ахаҭарнакцәеи, Европатәи акомиссиа Ахадеи рыхьӡ ала Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл ашәҟәқәа ҩны ирзыналышьҭит
22.12.2022

Европатәи Апарламент Ахантәаҩи, атәыла Ахадеи Европатәи Ахеилак ахаҭарнакцәеи, Европатәи акомиссиа Ахадеи рыхьӡ ала Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл ашәҟәқәа ҩны ирзыналышьҭит, Европатәи Ахеилак урыстәылатәи аиасратә усшәҟәқәа разхамҵаразы аҵыхәтәантәи аӡбамҭа ахьаднакылаз инамаданы, Аԥсны иахьаҵанакуа УА ацҳаражәҳәарҭа иаднагалақәаз.  
Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп ари аҭагылазаашьахь аԥсуа хәаԥшышьа 30 шықәса дуӡӡа хшыҩзышьҭра амҭакәа иаанхон, уи зегьы инанагон аибашьра амҩахь укылызго знеишьак ахь, абаланс ахьыҟам аизыҟазаашьақәа рахь насгьы уи аӡбарахь уназго иконструктивтәу, ииашароу амҩа аԥшаараҿы алшара азымҭоз. Асида Шьаҟрыл агәыӷра аалырԥшит Европатәи Ахеилак ақырҭуа-аԥсуа еиҿыхара шьаҭас иазышьҭоуи уи аҭоурыхи ирызку адезинформациаҟнытә алҵра алшап ҳәа.
Даҽакала, ашәҟәаҿы иаҳәоит аиашамра, ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәсазы иадкылаз аӡбамҭа еиԥшу азнеишьақәа рыла ишаарԥшхо, насгьы уи хымԥада ауаҩы изинқәа рықәныҟәараҿы ишаарԥшхо. Қырҭтәыла аган аҟнытә 1992 шықәсазы Аԥсны иазынарханы иаарԥшхаз агрессиа иазкны Аԥсны икәынхо ажәлар рзинқәа рыхьчараҿы даҽа знеишьак аабом арҭ аҭагылазаашьақәа иобиективтәу анализи ахҭысқәа ҩбара злам ахәшьара рыҭареи рыда. Агәра ганы ҳаҟоуп Европатәи Ахеилак ари ауснагӡатә аӡбаразы алшарақәеи амеханизмқәеи шамоу.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра