Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу В. Занҭариа лконституциатә зинқәа реилагара иазку лыхҳәаа, азинӡбарахь анеирҭазы азингьы налаҵаны
23.12.2022

Ари ахҳәаа нашьҭуп АА Иреиҳау аӡбарҭахь, АА аусӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиахь, АА Аиустициа аминистррахь, АА Жәлар Реизара – Апарламент ахь.
В. Занҭариа инхаратә ус иазкны ахҳәаа амаҭәахәытәи апроцессуалтәи зин анормақәа ӷәӷәала реилагара ахьазгәауҭо анализ агәылоуп, аусӡбарҭа актәи аинстанциеи Иреиҳау Аусӡбарҭа Апрезидиуми рыла иҟаҵаз, В. Занҭариа изинқәеи изакәантә интересқәеи реилагарахьы иназгақәаз.
Иреиҳау аусӡбарҭа Апрезидиум ақәҵара В. Занҭариа аамҭа рацәа зықәхарӡхаз инхаратә зинқәа реилагара реиҭашьақәыргылара иазеиҿнамкааӡеит, аусӡбаратә ӡбамҭеи, анагӡаратә напхгара аусбарҭа ахаранамԥшреи рызҵаатәгьы налаҵаны, ақ. Аҟәа Ахадара раԥхьаӡа иргыланы, атәылауаҩы В. Занҭариа уажәшьҭа 30 шықәса инарзынаԥшуа ахыдҵақәа назмыгӡо, уимоу атәылауаҩы лынхаратә зинқәагьы еилазго. АА Иреиҳау аусӡбарҭа Апрезидиум, Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа ахҳәаа, абҵарамза 18, 2021 шықәсазы иадкылаз амчра азныжьуа, В. Занҭариа лынхаратә зинқәа реиҭашьақәыргылара иахьеиҿнамкааз анаҩсгьы, аусӡбаратә зинхьчарахь анеирҭагьы лнамҭаӡеит, АА Аконституциеи жәларбжьаратәи анормақәеи рҟны иазгәаҭақәо.
Агәаҭаратә инстанциа аусӡбарҭа иара иаҵанакуа аусӡбарҭа агхақәа ахьанамыриашаз анаҩсгьы, азинтә еиԥҟьара ду еиҿнакааит. АА Иреиҳау аусӡбарҭа Апрезидиум иҟам, иаԥыху акассациатә еилкаарала аусӡбарҭатә акт амчра азыннажьит. Ус анакәха, еиҿагылоу аусӡбарҭатә актқәа амчра рыманы иаанхоит – АА Иреиҳау аусӡбарҭа Апрезидиум ақәҵареи аусӡбарҭа акассациатә еилкаареи, аамҭаклатәи рынагӡара ззыҟамлақәо. Иалкааны иазгәаҭатәуп, аусӡбарҭа В. Занҭариа аусеилыргараҿы ҭакҟаҵаҩыс иқәгылоз аҳәынҭқарра хшыҩзышьҭра шанамҭаз (ақ. Аҟәа Ахадара раԥхьаӡа иргыланы), иара ахыдҵақәа зеиԥшроу инамаданы аусӡбарҭа аӡбамҭа анагӡара еиҿызкаар зыхәҭо. Аҳәынҭқарратә усбарҭа, ҭакҟаҵаҩыс иқәгыло, анапхгара асистема убас еиҿнакаар ахәҭан, анхаратә фонд аҟамзаара аусӡбаратә ӡбамҭа изықәнагоу аҿҳәара иахмырԥакәа негативла анырра анамҭарц азы.
АА Иреиҳау аусӡбарҭа, АА Жәлар Реизара – Апарламент, АА Аиустициа аминистрра, Аусӡбарҭатә нагӡаҩцәа рмаҵура ирзырхоу адгаларақәа:
• Анапхгаратә усбарҭақәа рыла аусӡбарҭатә ӡбамҭақәа системала рынамыгӡара иадҳәалоу ишьақәгылаз апрактика асистематә ҟазшьа аазхәаз проблемахеит. Анхаратә зинқәа аусӡбарҭақәа рыла аиқәырхара ауснагӡара еиҿызымкаауа аҳәынҭқарра – ауаҩы ихадараӡоу изинқәеи ихақәиҭреи рыԥҟареилагара иадырганы иҟоуп.
Аусӡабрҭа аӡбамҭа анагӡара – аусӡбарҭатә процесс зегьы хыркәшаратә шьаҿаны иҟоуп.
Аусӡбарахьы анеирҭазы азин инагӡоуп ҳәа азгәаҭазар ҟалоит аусӡбарҭа иаднакылаз азакәантә мчы зауз аӡмабҭақәа анынагӡахалак нахыс.
Аусӡбарҭа иаднакылаз азакәантә мчы зауз аӡмабҭақәа рынамыгӡара иадҳәалоу апрактика аусӡбаратә дкыларақәа рхаҭабзиара аизырҳара иадҳәалоу аусқәа рынагӡараҿы акырӡа ихадароу акәны иҟоуп.
• Аусӡбарҭа иаднакылаз азакәантә мчы зауз аӡбамҭақәа рынамыгӡара, азинқәа рыхьчараҿы уи иаԥхьанеиуа апроцесс иҵакыданы иааннажьуеит насгьы азинхьчарахьы анеирҭазы азин инамыгӡакәа иаанхоит. Аусӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭақәа рынамыгӡаразы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҭакԥхықәра еизырҳатәуп.
• Аусӡбаратә ӡбамҭақәа рыдымкылара иадҳәалоу астатистика ҳаракы хшыҩзышьҭра аҭо, АА Аиустициа аминистрра АА ССИ аусура ахәшьара анаҭар ахәҭоуп иагьыҟанаҵароуп изықәнагоу алҵшәа.
• Акыраамҭатәи аусӡбаратә ӡбамҭақәа рынамыгӡара еффективрала зинла рыхьчара хықәкыс иганы «Ауснагӡара иалҵшәахаз азинеилагаразы акомпенсациаҟаҵара аамҭа рацәа ақәмырӡкәа мамзаргьы аамҭа рацәа ақәмырӡкәа аусӡбаратә акт анагӡаразы азин иазку» АА азакәан  ахь аԥсахрақәа ралагалара ахәҭоуп, аамҭа рацәа ақәмырӡкәа аусӡбарҭатә акт анамыгӡаразы акомпенсациа азыԥхьагәазҭо, аҳәынҭқарра ахыдҵақәа ирыдҳәалоу «натурала» иназыгӡо.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра