Иҭаку ауаа иахьҭаку аҭыԥқәа рмониторинг.
26.07.2024
Иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ԥхынгәымза 22 инаркны ԥхынгәымза 25 нӡа 2024 ш., зыгәра рымго, ахара здырҵо, зус ӡбоу ауаа ахьҭаку аҭагылазаашьақәа рыҭҵааразы, Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кьышьмариеи аппарат аусзуҩцәеи абаандаҩцәа ахьҭаку аҭыԥқәеи, аамҭалатәи раанкыларатә ҭыԥқәеи, ашьауӷа зқәырҵахьо абаандаҩцәа рҭыԥқәеи рмониторинг мҩаԥыргеит.
Амониторинг аҳәаақәа ирҭагӡаны, А.Кьышьмариа дырҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра араионқәа зегьы рҿы иҟоу аамҭалатәи аизолиаторқәа, Драндатәи аамҭалатәи аизолиатор, Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аамҭалатәи аизолиатор, иара убас Аԥсны аҳәынтқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу адкыларҭа ҷыда.
Амониторинг алҵшәақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара – Апарламент ахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь идәықәҵахоит, иара убас аомбудсмен исаит иҭагалахоит