Нанҳәа 14, 1992 ш. аибашьра раԥхьатәи амш
14.08.2024

Нанҳәа 14, 1992 ш. ақырҭуа архәҭақәа бџьарла еиқәных Аԥсны Аҳәынҭқарра иақәлеит.

Аҳәынҭқарратә Совет иҟанаҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла архәҭақәа рқәылара аофициалтә мзызны иҟалеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роман Гвенцаӡеи звиадистцәа иркыз жәаҩаҩык абаандаҩцәа Аԥсны рыҟазаара. Қарҭтәи анапхгара иара убас иазгәарҭеит «адәыӷбамҩа ахьчара» ргәы ишҭаз, уи абџьарлатәи агрессиа ахылҿиааит. Нанҳәа 14, 1992 ш. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба иаԥиҵаз “Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәыла Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа рышьаҭақәа рзы аиқәшаҳаҭра” ҳәа захьӡыз апроект алацәажәара азԥхьагәаҭан, аха уи иаламцәажәеит.
Аԥсны аизыҟазаашьа иазку апроблемақәа рыӡбаразы, Қырҭтәыла аиҳабыра еибашьрала иазнеит. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет аусмҩаԥгатәқәа “ Аԥсны Аҳәынтқарра асуверентә территориа зҽазыҟарҵаз ампыҵахалара” ҳәа ахәшьара арҭеит. Аԥсны ампыҵахалаҩцәа рхы аладырхәит ҩнызқьҩык рҟынӡа ақырҭцәа “агвардиауаа”, 58 бронетехника, хыԥхьаӡара рацәала артиллериа (Град, Урагантәи аракетақәа, рықәҵагақәагьы уахь иналаҵаны). Аԥсны ампыҵахаларазы иҟаҵаз аплан, “Аҟама” ҳәа акодтә хьӡы змаз нагӡахеит ҩымчыбжь рышьҭахь Қырҭтәыла ООН ианаднагала ашьҭахь.


Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба телехәаԥшрала аԥсуа жәлар ирабжьигеит Аԥсадгьыл ахьчаразы рыҽдырхиарц, зықәра наӡахьоу ауааԥсыра реизакра, абџьар Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ахь рыҭара »

Ԥшьынҩажәи хԥа мшы ицоз аибашьра аԥсуа жәлар риааирала ихыркәшахеит.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра