Ҟырӷызсҭантәи Аҳәынҭқарра Акиқаҭчы (Аомбудсман) Аусбарҭа ахаҭарнакцәа II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа рхы аладырхәит
12.12.2024
Ҟырӷызсҭантәи Аҳәынҭқарра Акиқаҭчы (Аомбудсман) Аусбарҭа ахаҭарнакцәа рҽаладырхәит Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз II Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "Ауаҩы изинқәеи ихьыԥшымреи ирызку агәаанагарақәа рхылҵшьҭреи рыҿиареи" ҳәа хьӡыс иаҭаны, темас иалхын «Аҭаацәаратә институт ахьчара: аҩнытә қәымчра иазку апроблема, насгьы уи аӡбаразы амҩақәа аԥшаара».
Аԥсни Ҟырӷызсҭантәи русбарҭақәа рыбжьара раԥхьаӡатәи еимадароуп, Ҟырӷызсҭантәи Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа Аԥсны раԥхьаӡа акәны рҭаароуп.
Аусмҩаԥгатә аҿы Умут Абылгазиева аҳәса рзинқәа аҩнытә қәымчра аҟынтәи рыхьчара аганахьала Ҟырӷысҭантәи Аҳәынҭқарра Аомбудсманцәа ринститут имҩаԥнаго аусура аԥышәа лзеиҭалҳәеит, ас еиԥш иҟоу аҳәарақәа ирызкны аусура амеханизмқәа ртәы далацәажәеит.