Анас Кьышьмариа Татиана Москалькова Аконституциа Амш лыдлныҳәалеит
12.12.2024

Анас Кьышьмариа Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Татиана Москальковеи арегионалтә коллегацәеи Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш рыдлныҳәалеит.
Адныҳәаларақәа рҿы, ҷыдала, иарбоут:
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амшныҳәа шәыдысныҳәалоит!
Аконституциа – атәылаҿы аҭышәынтәалареи, аҭынчреи, аҳәоуеиқәшәареи рзы игарантииуп, аҳәынҭқарра адемократиатә ҿиара шьаҭас иамоуп.
Иҳаҩсыз хышә шықәса ирылагӡаны Урыстәыла аҩныҵҟатәи аԥсҭазаараҿы еиԥш, жәларбжьаратәи аҳәаақәа рҿы аиҭакрақәа рацәаны иҟалеит. Аха абарҭ аҭагылазаашьақәа зегьы рҿы аконституциатә ҵакқәа рыгәра угартә еиԥш ацхыраара ҟаҵан, урҭ еснагь анапхгаратә ӡбарақәа рыдкылара алнаршон.
Ари акыр зҵазкуа аныҳәамш аҽны гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, зегьы рынагӡара
Аԥсадгьыл аизҳазыӷьара иазку аусураҿы иазԥхьагәаҭоу апланқәа, ақәҿиара ҿыцқәа, аихьӡара ҿыцқәа! Аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, шәареи бзиа ижәбо ауааи рзы абзиарақәа зегьы!


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра