Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аҿы дыршьит адепутат Голанӡиа Вахтанги Владимир-иԥа
19.12.2024

Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 19, 2024 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аҿы дҭахеит адепутат Голанӡиа Вахтанги Владимир-иԥа, ӷәӷәала дырхәит адепутат Кәарҷиа Кан Валери-иԥа.
Вахтанг Владимир-иԥа иԥсҭазаара далҵра цәыӡ дууп адепутат иуацәа, иҭынхацәа, иҩызцәа, иколлегацәа, алхыҩцәа рзы мацара акәымкәа, Аԥсны зегь реиҳа иаԥсоу аполитикцәа руаӡәк, зыгәрагара ҳаракыз ауаҩы иҟамзаара, иара убас Аԥсны зегь азы ирҽеишьа змам цәыӡуп.
Вахтанги Владимир-иԥа Голанӡиа иԥсҭазаара алҵра атрагедиа иадҳәаланы иҭаацәа, иуацәа, иҭынхацәа, Аԥсны жәлар зегьы гәык-ԥсык ала ҳрыдышшылоит.
Агәра ганы сыҟоуп, атәыла азакәанхьчаратә усбарҭақәа иаарласны ацәгьоура ҟазҵаз иаԥсоу азакәантә шьауӷа иоурц азы ирылшо зегь шыҟарҵо.
Иара убас, ари ахҭыс аныҟалаз ахәра ӷәӷәа зауз адепутат Кәарҷиа Кан Валери-иԥа адгыларатә ажәақәа иасҳәарц сҭахуп. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа рыбзоурала адепутат иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам. Ирласны ибзиахара изеиӷьасшьоит.
Иҟаҵоу ацәгьоурақәа рзы аҭакԥхықәрадара еиҳагьы еицәоу, еиҳа инарҭбаау алҵшәақәа шаанаго азгәасҭарц ахәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳара, ԥхынҷкәынмза 19 азы иҟалаз ахҭыс даҽазныкгьы иаҳнарбеит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра