2024 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаа ахьҭаку аҭыԥқәа рҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара амониторинг амҩаԥгара.
23.12.2024
Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан “Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу изкны” инақәыршәаны, ԥхынгәымза 23-25 рыбжьара 2024 ш., Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа аппарат аусзуҩцәа дрыцны ахылаԥшра мҩаԥылгеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абахҭақәа рҿы, ауаҩы изинқәа рыхьчара, агәҩара зду, ахара здырҵо ауаа рыԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа рыҭҵаара хықәкыс иҟаҵаны.
Амониторинг алҵшәақәа рзы адырра Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламентахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррахь идәықәҵахоит.
Амониторинг атекст зегьы шәаԥхьар шәылшоит иацҵоу адокумент аҟны.
Амониторинг алҵшәақәа рзы адырра Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламентахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррахь идәықәҵахоит.
Амониторинг атекст зегьы шәаԥхьар шәылшоит иацҵоу адокумент аҟны.