Ҟазахсҭан мраҭашәаратәи аган аҿы аҳаирплан каҳаит
25.12.2024

Ԥхынҷкәынмза 23, 2024 ш. Ҟазахсҭан мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟоу Актау ақалақь аҿы ақ.Баку аҟынтәи Грозниҟа иԥыруаз Азербаџьантәи авиалиниақәа рҳаирплан Ембраер 190 каҳаит.
Аҳаирплан иҭан 69ҩык, урҭ рҟынтә 5ҩык аусзуҩцәа ракәын: 42ҩык Азербаџьанынтәи, 16ҩык Урыстәылантәи, 6ҩык Ҟазахсҭанынтәи, 3ҩык Ҟарӷызсҭанынтәи ауааԥсыра. Ҟазахсҭан Аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра аҳаирплан аҭахара иахҟьаны еиқәхаз 29ҩык рыӡбахә рҳәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчтра змоу Анас Кьышьмариа аҳаирплан акаҳара иахҟьаны ааха зауз зегьы рзы адышшыларатә телеграммақәа лышьҭит– Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу, Ҟыргыз Ареспублика аомбудсман, Азербаџьан, Ҟазахсҭан аҳәаанырцәтәи аколлегацәа рыхьӡала.



Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра