Аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа Аԥсны Аҳәынҭқарра ихадоу алхратә комиссиа ахантәаҩы, уаанӡатәи аомбудсмен Дмитри Амаршьан иеиԥылара мҩаԥылгеит.
09.01.2025
Аиԥылараҿы А.Кьышьмариеи Д. Амаршьни имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирылацәажәеит, акандидатцәа рҭагалара аԥҟарақәа, иара убас ихадоу алхратә комиссиеи араионтә комиссиақәеи русура, ашәҟәҭагалара апроцедура инаркны абжьыҭира алҵшәақәа рылаҳәара аҟынӡа аусура аҩаӡарақәа зегьы рҿы алхыҩцәа рзинқәа рыхьчареи аилагарақәа рыхәҭамзаареи ирыхцәажәеит.
Д.Амаршьан А.Кьышьмариа агәра лиргеит акомиссиа ахантәаҩы иаҳасабала, иара убас, Алхратә Комиссиа Хада аппарат зегьы аусураан Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи Азакәанқәеи ишрықәныҟәо.
“Шәара шәкомпетенциеи, шәԥышәеи, шәҭакԥхықәреи ирыбзоураны, ҳтәыла ахада иалхрақәа азакәан ишаҳәо инақәыршәаны Алхратә Комиссиа Хада аппарат ишымҩаԥнаго агәра сгоит”, - ҳәа лҳәеит А.Кьышьмариа аиԥылараан.
Иара убас, А.Кьышьмариа Д.Амаршьан адырра илҭеит, алхратә компаниа амҩаԥгареи абжьыҭиратә процедуреи ирылацәажәарц азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҭыԥ ахь официалла ашәҟәы иҭагалоу акандидатцәа зегьы реиԥылара лгәы ишҭоу, насгьы азакәантә ԥҟарақәа ирҭагӡаны урҭ рымҩаԥгара ҳтәылауаа рзы ихымԥадатәиуп ҳәа иазгәалҭеит.