Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, аџьынџьуаа!
31.12.2024

Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи шәагымзааит! 2024 шықәса ахыркәшараан, иҳаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа аныҟаҳҵо, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Аусбарҭа имҩаԥнаго аусура азгәасҭар сҭахуп. 2024 шықәсазы инарҭбаау аинформациатә усура абзоурала, ареспубликатә структурақәа анаԥхгареи, иара убас араионтә хаҭарнакцәеи аусеицуреи  рыбзоурала, ҳара иҳалшеит
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рықәныҟәара ахылаԥшразы аусура ду амҩаԥгара, иара убас адгыларазы ҳара иҳадҵаалаз ауаа хаҭала ацхыраара рыҭара. Иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны аппарат аус ауанаҵы, егьырҭ ашықәсқәа зегьы раасҭа инарҭбааны ашьаҿақәа ҟаҵан. Уи иаанарԥшуеит ауаа рҟынтәи агәрагара ахьынӡаҟоу, насгьы аинформациа реилыркаара аизҳара. Ари иҳаҩсыз ҩышықәса ирылагӡаны мацара акәымкәа, аамҭа зегьы иалагӡаны ҳусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу рџьабаа ду иалҵшәоуп, урҭ рхы аладырхәит атәыла ҿыц ашьақәыргылареи аҿиареи ҳтәылазы ихьыԥшым омбудсмантә усбарҭа. Ашықәс аихшьалақәа инарҭбааны Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, Апарламент иазку аилатәараҿы ахҳәаа ҟаҵахоит.
Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи аԥхарреи агәҭынчреи зныԥшуа аҭаацәаратә ныҳәоуп. Ари аамҭоуп бзиа иаҳбо ауаа рыҿцәажәара, иааиуа ашықәс азы иҳамоу агәҭакқәа рылацәажәара, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиеи аихьӡара бзиақәеи ҳзыԥшуп ҳәа агәыӷра иаамҭоуп. Ҳара ҳусураҿы ауаа ргәы каҳаны ианыҟоу, рыцҳарас иҟалаз, аныҳәақәа рзы аамҭа анрымам аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәоит. Ҳара ҳганахь ала, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит иаарласны рыуадаҩрақәа рыӡбаразы ацхыраара рыҭара. Сшәыҳәоит, ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа, зегьы ҳаидгыланы ҳҽазаҳшәап арҭ аныҳәақәа еиҳа иқьианы, илашаны, иаҳзааигәоу, ҳҭынхацәа, ҳџьынџьуаа зегьы рзы иаҳа гәыкала иҟаларц!
2025 ашықәс ҿыц азы зегьы раԥхьаӡа иргыланы аҭынчра, иара убас агәабзиареи аизҳазыӷьареи ҳзеиӷьасшьоит! Ашықәс ҿыц азы зегь реиҳа илашоу, игәыкӡоу агәыӷрақәеи агәазыҳәарақәеи наӡааит!


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра