Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иԥылара
05.02.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иԥылара
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу  иофис аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынбеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараҿы А.Кьышьмариа лусура далацәажәеит, атәылауаа рырзаҳалқәа рыхәаԥшраан аппарат изхәаԥшуаз апроблемақәа дрылацәажәеит, ҳтәылаҿы ауаҩы изинқәа реилагара иадҳәалоу аусеилыргарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи дареи реимадаразы иҟоу амеханизмқәа дрылацәажәеит. А.Кьышьмариа иазгәалҭеит еилагоу азинқәа еиҳа хра злоу ахьчареи реиҭашьақәыргылареи рзы “Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу” Азакәан иахәҭоу аиҭакрақәа ралагалара шахәҭоу, насгьы Азакәан аконституциатә статус аҭара аҵакы ду шамоугьы. Азинмчра змоу иазгәалҭеит линститути аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи азакәанхьчаратә усбарҭақәеи рыбжьара аиҿцәажәара ашьақәыргыларазы аҵак ду шамоу. Азинмчра змоу иусураҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара, ҷыдала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ҳколлегацәа реимадара. А.Кьышьмариа Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоуи, Урыстәылатәи арегионалтә зинхьчаҩцәагьы русеицура алҵшәақәа қәҿиарала иазгәалҭеит, избан акәзар ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура аҿиара ахырхарҭақәа зегьы рҿы иацҵатәуп ҳәа илыԥхьаӡоит.
Ахәҭакахьала, А. Арӡынба алхратә кампаниа шымҩаԥысуа далацәажәеит, Аԥсны Ареспубликаҿы ауаҩы изинқәа рҭагылазаашьа аганахьала лгәаанагара далацәажәеит, ҳаамҭазтәи ауаажәларра аҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи ҳаҭыр рықәҵара шхадароу инаҵшьны иазгәалҭеит. Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иазгәеиҭеит Аԥсны Ареспубликаҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу аппарат аусура аҵак ду шамоу, иара убас уи анапхгара аганахьала хра злоу адгылара шаҭаху.
Аиԥылара хыркәшо, А.Кьышьмариа агәыӷра шлымоу азгәалҭеит алхратә процесс хақәиҭрала, ииашаны ишымҩаԥысуа, насгьы иааираны иҟоу алхрақәа азинтә ҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥысуа. Иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа зегьы рԥыларақәа рымҩаԥгаразы ажәалагала шыҟалҵаз азгәалҭеит. Ас еиԥш аиԥылара раԥхьаӡа аҭак ҟазҵаз акандидат А.Арӡынба иштаб ауп, аха егьырҭ акандидатцәагьы рԥылара мҩаԥылгарц лгәы ишҭоу алырбеит, насгьы  ҳтәылаҿы ауаҩы изинқәа рықәныҟәареи азакәан анбанқәа рықәныҟәареи алхратә кампаниа аусураан адагьы, уи анхыркәшахалак ашьҭахьгьы акыр шаҵанакуа азгәарҭеит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра