Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа азинмчра змоу Анас Кьышьмариа 2024 шықәсазы имҩаԥгаз лусуразы аҳасабырба адгалара мҩаԥылгеит.
13.03.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа азинмчра змоу Анас Кьышьмариа 2024 шықәсазы имҩаԥгаз лусуразы аҳасабырба адгалара мҩаԥылгеит:
1. Аинформациатә-ҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа
2. Атәылауаа апсихиатриатә цхыраара рыҭара апроблема
3. Аҭакратә ҭыԥқәа рхылаԥшра
4. Жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа
5. Аҭҵаарадырратә- практикатә усмҩаԥгатәқәа
1. Аинформациатәи аилыркааратәи аусмҩаԥгатәқәа.
Ари ахықәкы инақәыршәаны, азинмчра змоу лусбарҭа аколлектив дрыцны араионқәа рнаԥхгараҭарақәа дырҭааит. Аиԥыларақәа ирылахәын администрациа аиҳабы, амилициа аиҳабы, апрокурор, абикәынреи ахылаԥшреи русбарҭақәа рнаԥхгаҩцәа, араионтә актив. 2024 ш. лаҵарамза инаркны арҭ аиԥыларақәа рцикл Гагратәи араион ахадара реиԥылара ала иалаган, аха администрациа ахада заа иеиқәыршәаз аилатәарахь дымнеит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы аиԥыларақәа мҩаԥысит. 2024 ш. лаҵарамза-ԥхынҷкәын рыбжьара Галтәи араион администрациа ахада аилатәара амҩаԥгаразы аамҭа имоуит. Аинформациатәи аилыркааратәи аусмҩаԥгатәқәа рҳасабала, араионқәа ахадарақәа рҿы ақәыргыларазы аинформациатә стенд еиқәыршәан. Аиԥыларақәа рхықәкы – аҭыԥантәи анаԥхгаҩцәа реибадырра, азинмчра змоу иусура аилыркаара, араион иаҵанакуа азҵаарақәеи адҵақәеи рылацәажәара.
Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рыбзоурала, 2024 ш. азинмчра змоу иусбарҭа арекордтә хыԥхьаӡара азыҳәарақәа аиуит.
Ахырхарақәа рстатистика
2024 ашықәс азы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу лыхьӡала иҩу, мамзыргьы ҿырҳәала иҟаҵо 103 ахырхарақәа нашьҭын. Иаҳхысыз ашықәс иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, еиҳахеит – аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны азинмчра змоу лусбарҭахь еиҭа 39 ахырхарақәа нашьҭын. Арзаҳал ҟазҵаз рҟынтәи 63-ҩык инареиҳаны атәылауаа иахәҭоу ҿырҳәалатәи аилыркаарақәа, азакәан ишаҳәо азҵаара аӡбаразы иарбан мчратә усбарҭақәоу иахьнеиша абжьгарақәа роуит; 40 ахырхарақәа ҩырала иааит, урҭ рҟынтәи 3 еизакны иҟан. Уи адагьы, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу хынтә ауаа рзинқәеи рхақәиҭреи реилагаразы ауаажәларратә информациа аҭак ҟалҵеит.
2024 шықәсазы, иаҳхысыз ашықәсқәа ирҿырԥшны, азыҳәаҩцәа азинмчра змоу лыхьӡала е-маил ала ирышьҭыз ахырхарақәа рхыԥхьаӡара иазҳаит. Уи иаанарԥшуеит ас еиԥш ааԥхьаратә канал аҭаххара.
Аҳәарақәа рҿы иарбоу, амониторинг аан иалкааз апроблемақәа, иара убасгьы ахылаԥшратә усбарҭақәа рҿы иқәдыргылаз азҵаарақәа рыӡбаразы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу активла аус рыцылуеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи, еиуеиԥшым ауаҩы изинқәа рыхьчаратә еиҿкаарақәеи. Убас, 2024 шықәсазы аусбарҭа аҟынтәи еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рахь 70 шәҟәы нашьҭын.
Зегь реиҳа ихадароу, еиҳа-еиҳа актуалра зауа апроблемақәа иреиуоуп аҩнытә қәымчра, аҳәсеи зықәра намӡац ахәыҷқәеи рзинқәа реилагара иазку апроблема. 2024 шықәсазы ари азҵаара иазкны, азинмчра змоу лыхьӡала инашьҭыз азыҳәарақәа рхыԥхьаӡара иазҳаит.
Аҩнытә қәымчра апроблема ауаажәларра рылаԥш ақәыргылареи, уи аӡбаразы амҩақәа рыԥшаареи рзы, Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иусбарҭа аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны ари атема алацәажәара иазкыз имаҷымкәа аусуратә еилатәарақәа мҩаԥылгахьеит.
Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аусбарҭа аексперт-аналитикатә ҟәша Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аиӷьтәразы аҩнытә қәымчра аҿагылара иазырхоу ажәалагалақәа аус адырулеит. Ҳара ҳазыԥшуп иарбоу ажәалагалақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ахәаԥшра, анаҩс уи иашьашәалоу аиҭакрақәа азакәанԥҵаратә актқәа рҿы иҟаҵахоит ҳәа.
Анхаразы азин аиура иадҳәалоу апроблемагьы актуалра ааннакылоит.
2024 ашықәсазы азинмчра змоу иҟны мраҭашәаратәи арегионқәа рҿы анхаразы азин рыҭара аамҭа ақәымшәара иадҳәалоу аҳасабырбақәа риура иацҵан, раԥхьатәи аҭараангьы, урҭ рымчхара ацҵараангьы.
Зны-зынла анхаразы азин аҭара бжьымшы инареиҳаны иагоит, убри аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи уи атерриториалтә ҟәшақәеи аусзуҩцәеи ас еиԥш аиҵахара амзызқәа рыӡбахә рҳәар рылшом, мамзаргьы иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә Маҵзура анхаразы азин аҭара.
Уи адагьы, иазгәаҭатәуп аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә статус азы Азакәан аиҭакрақәа алагала ашьҭахь шықәсык еиҳаны иҵхьеит, аха уи иақәшәо аиҭакрақәа абарҭ актқәа рҿы ишҟаҵамыз:
а) Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы анхаразы ақәиҭтәратә шәҟәы адокументтә буклет аформа, уи ахҳәаа, №33 «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы анхаразы ақәиҭтәратә шәҟәы аҭара, мамзаргьы амчра ацҵара аԥҟара» хәажәкыра 30, 2017;
б) Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәаанырцәтәи атәылауаа мамзаргьы атәылауаҩра змам ауааԥсыра рзы анхаразы азин ашәҟәҭагалареи, рыҭареи, раԥыхреи рзы анапынҵақәа (Ацҵа No1 адҵа иацу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра № 112 мшаԥымза 13, 2017 ш.).
г) Хыхь зыӡбахә ҳәаз Ақәҵара аиҭакрақәа ралагаларазы, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусбарҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррахь ишнанагаз, уи Азакәан иалагалаз аиҭакрақәа ирықәшәо иахәҭоу аиҭакрақәа зныԥшуаз аусшәҟәы ауп. Иаанхаз урҭ иахәҭоу аформа рыҭаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаарахь рышьҭра ахәҭан, аха уи ҟамлеит.
Иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны,
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: апаспорттә усбарҭеи уи аҟәшақәеи русураҿы иалкаау аилагарақәа раԥыхразы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп; Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаарахь аиҭакрақәа рышьҭра, ҳәа зыӡбахә ҳәоу аусбарҭа, иахәҭоу аформала, Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иусбарҭа иазнархиаз. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура анхаразы азин аҭара ма аамҭа ацҵара иаԥырхагоу аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылара иалахәу аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара еизнарҳароуп.
Азакәанхьчаратә усзуҩцәа рыла атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара апрактика
Аҳасабырбатә шықәса иалагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Аусбарҭа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рхы иадырхәаз афизикатә қәымчрақәа рзы ахҭысқәа маҷымкәа иарбоуп.
Ԥхынҷкәын 10, 2023 ш. Асоциалтә еимадарақәа рҿы ирылаҵәеит аинформациа Галтәи араион аҿы аполициа аусзуҩцәа иҟарҵаз ақәымчратә усмҩаԥгатәқәа ирыхҟьаны иаанкылаз иԥсҭазаара далҵит.
Рашәарамза 19, 2024 ш. аинформациатә ателекоммуникациатә ҳәааҿы ирылаҵәеит аполициа аусзуҩы дшиипҟаз аазырԥшуа авидео.
Амчра ламысдарала ахархәара, иара убасгьы азакәанхьчаратә усзуҩцәа мчылатәи аусмҩаԥгатәқәа рхархәараан апропорционалра апринцип аилагара, даҽа факторны иҟалеит аполитикатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рҭакра, абҵарамза 11, 2024 ш. Асоциалтә еимадарақәа рҿы икьыԥхьыз аҭакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи авидеоҭыхымҭақәа ирныԥшуеит аҭакраан СОБР аусзуҩцәа руаӡәк иофициалтә мчра дшахысыз, даҽа СОБР аусзуҩцәа руаӡәк адгьыл аҿы ишьҭаз иааныркылахьаз диқәтәан.
Азгәаҭара ахәҭоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара еилыкка иазгәанаҭоит аргәаҟра, ақәымчра, егьырҭ агәымбылџьбарара, ахьӡ лазырҟәуа ахымҩаԥгашьа азин шрымам. Ари ахәҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа (Аст. 15), Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә еилагарақәа рзы аӡбаратә усмҩаԥгатәқәа рзы Азакәанԥҵара (Аст. 13), Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаус-процессуалтә Закәанԥҵара (Аст. 9), иара убас ацәгьоурақәа рыҟаҵаразы» (4-тәи астатиа).
Аха, аԥышәа ишаҳнарбо ала, азакәанхьчаратә усзуҩцәа рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан, урҭ аԥҟарақәа лассы-лассы еиларгоит, мамзаргьы урҭ рызхьамԥшра рылшоит.
Азинмчра змоу иусбарҭа есышықәсатәи аҳасабырбаҿы иаанарԥшит азакәанхьчаратә усзуҩцәа рыла ақәымчреи агәаҟреи рҿагылара аанкылареи арӷәӷәареи рзы абжьгарақәа; Ҳара агәыӷра ҳамоуп, абжьгарақәа зыхәҭоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыла хшыҩзышьҭра рҭаххоит ҳәа.
Воспрепятствование деятельности средств массовой информации
Амассатә информациа ахархәагақәа русура аԥырхагахара
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа, зегьы еицырзеиԥшу азинқәеи ахақәиҭреи рызхаҵарала, дарбанзаалак ауаҩы ихәыцреи, иажәеи, игәрахаҵареи рзы азин шьақәнарӷәӷәоит (14-тәи ахәҭа). Амассатә информациа ахархәагақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан “Амассатә информациа ахархәагақәа рзы”, иара убас уи инақәыршәаны иҭыжьу егьырҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәа рыла ишьақәгылоуп.
Иагоу азакәан аҿы иарбоуп ажурналистцәа русура азинқәеи, аԥхықәреи, агарантиеи. Аха апрактикаҿы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа ажурналистцәа рзинқәа иарбанзаалак азакәантә шьаҭа рымаӡамкәа идырԥкуеит, убри ала ажәеи аинформациеи ирыдҳәалоу азинқәа еиларгоит.
Убас, ԥхынгәымза 17, 2024 шықәсазы ажурналист Е.Заводскаиа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусбарҭа даҭааит, лареи егьырҭ ажурналистцәеи (А. Гагориан, И. Ҷаниа) иахәҭоу аккредитациа шрымазгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы, Акомитет аилатәарахь иахьынармышьҭыз азы амзызқәа ралкаареи аҭагылазаашьа аӡбаразы ацхыраара аҭареи азы аҳәара ҟалҵеит.
Иарбоу ажәалагала аҭҵаара амҩаԥысраан, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Аԥсны Аҳәынқарра ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Д.С. Дбар (исх. № 76, исх. № 97, исх. № 109 ихьӡала ашәҟәқәа лышьҭит, урҭ рҿы ажурналистцәа Аекономикатә политикеи аиҭакрақәеи рзы Акомитет аилатәара рхы аладырхәырц азы адыррақәа рыҭаразы аҳәара алырбеит, аха урҭ аҳәарақәа рҭак ҟамҵакәа иаанхеит. Уи адагьы, хылаԥшрада иаанхеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан “Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу изкны” ҳәа зыӡбахә ҳәоу азакәанқәеи, егьырҭ ауаатәыҩса рзинқәа рыхьчаразы ацхыраара рыҭара зду егьырҭ азакәанқәеи рҳәаақәҵақәа реилыркаарақәа зныз ашәҟәқәагьы.
Рыцҳарас иҟалаз, иазгәаҭатәуп, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аусзуҩцәа рҟынтәи иахәҭоу адыррақәеи, аусшәҟәқәеи, аматериалқәеи риуразы азинмчра змоу лусура аԥкрақәа системала ишышьақәгылоу. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнаԥхгаҩцәа, иара убас егьырҭ аусзуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭкарра Азакәан “Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу изкны” еилаго, азинмчра змоу лҟынтәи ироуз аофициалтә аҳәарақәа рҭак аныҟарымҵо, мамзаргьы мызқәак рыҩныҵҟа урҭ мап рыцәкра, мамзаргьы ишақәнаго аҭак аныҟарымҵо, анегативтә практиканы иаарԥшуп.
Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа азинмчра змоу ауаҩы изинқәеи ихьыԥшымреи рыхьчараҿы, ажәа, аинформациа, ахылаԥшратә усбарҭақәа рзинқәа уахь иналаҵаны, лылшарақәа негативла ианыруеит.
2. Атәылауаа апсихиатриатә цхыраара рыҭара апроблема.
Аԥсны аҳəынҭқарра иҟоу ауаҩы изинқəа рзы азинмчра змоуи аппарат аусзуҩцәеи Ареспубликатә испециалтәу аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа иаҭааит, апациентцәа рзы иаԥҵоу аҭагылазаашьақәа ргәаҭаразы, насгьы аусбарҭа аиҿкаашьа аилкааразы. Ахылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәышәтәырҭа аҳақьым хада иацәажәан, иара убас аусзуҩцәагьы уи аҟәшақәагьы гәаҭан.
Амониторинг аҳәаақәа ирҭагӡаны, азинмчра змоу дырҭааит ахацәеи аҳәсеи рыҟәшақәа, ҽынлатәи ахәышәтәырҭа аҟәша, агериатриатә ҟәша, иара убас еилаԥсоу аӡбаратә-медицинатә гәаҭарақәеи ихымԥадатәиу ахәышәтәреи рыҟәшақәа.
Имҩаԥгаз амониторинг инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иалкааз апроблемақәа рзы ихадоу алкаақәа жәпакы ҟалҵеит, насгьы апсихиатриатә хәышәтәырҭаҿы ауаа рыҟазаара аҭагылазаашьа аиӷьтәреи, ргәабзиара аиӷьтәреи рзинқәа рышьақәыргылареи рзы иахәҭоу абжьгарақәа ҟалҵеит.
Алкаақәа раҟаҵараан иазгәаҭатәуп Аусбарҭаҿы ауаа рхыԥхьаӡара ахьырацәо апроблема, уи ачымазцәа рзинқәа ӷәӷәала ирныруеит, иара убас проблема ӷәӷәаны иҟоуп еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы иахәҭоу аҳақьымцәа рыҟамзаара (140-ҩык ачымазцәа рзы 3-ҩык апсихиатрцәа), Аусбарҭа ахьчаҩцәа рҟәшаҿы ашәарҭадаратә усзуҩцәа рызхарамзаара, асанитартә ҟәшақәа рҿы. Амониторинг Ажәлар Реизара, Аминистрцәа Реилазаара, Агәабзиарахьчара Аминистрра, Асоциалтә шәарҭадареи Адемографиатә политикеи Рминистрра, Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭахь идәықәҵан. Ҳара агәыӷра ҳамоуп, хыхь зыӡбахә ҳәоу ахылаԥшырҭақәа амониторинг азы абжьгарақәа аҳасаб рзуны, иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыдыркылап ҳәа.
Иара убас, цәыббрамза 26, 2024 ш. Аминистрцәа Реилазаараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы апсихиатриатә цхыраара амҩаԥгара иадҳәалоу аԥҟара шрыдыркылазгьы азгәаҭатәуп.
3. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаа ахьҭаку аҭыԥқәа рҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы амониторинг амҩаԥгара.
Апунктеиҵа 1. ап.1 аст. 2 инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан “Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу изкны”, иара убас аҟә. 5 аст. 7 Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Ацәгьаурақәа рыҟаҵаразы агәҩара змоуи ахара здырҵои рҭакра иазкны" 2024 ш. ԥхынгәы 23 – 25 аамҭа иалагӡаны, ахара здырҵо ауаа рҭакрақәеи, ашьауӷақәа рыхгаразы аусбарҭақәеи рхылаԥшра мҩаԥган.
Амониторинг аҳәаақәа ирҭагӡаны, азинмчра змоу дырҭааит Гагратәи араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи абахҭа, Гагратәи араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша ақ. хкы змоу анхарҭа Цандрыԥшь амилициа аҟәша, Гагратәи араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша ақ. Бзыԥ амилициа аҟәша, Гәдауҭатәи араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи абахҭа, Ҭҟәарчалтәи араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи абахҭа, Галтәи араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи абахҭа, Очамчыра араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи абахҭа, Ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аӡбаратә бахҭа, Гәылрыԥшь араион Аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи абахҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҷыдоу адкыларҭа, Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аамҭалатәи абахҭа, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аамҭалатәи абахҭа.
Амониторинг алҵшәақәа инарықәыршәаны, аамҭа кьаҿи, абжьаратәи, аамҭа дуи иалагӡаны алкаақәеи, абжьгарақәеи ҟаҵан.
Зегь раԥхьаӡа иргыланы иазгәаҭатәуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы абахҭақәа рышьақәгылашьа азакәан ала ишьақәгылоу анормақәеи астандартқәеи ишрықәымшәо (ҷыдала Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан Аҭакра иазкны). Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа апроблемақәа рацәаны ицәырнагоит, абаандаҩцәа рзинқәа реилагара – аҳауа цқьа, аԥсабаратә лашара, аныҟәарақәа, аҭаарақәа, асанитартә стандартқәеи анхаратә ҭыԥқәеи рықәныҟәара, иахәҭоу ачыс, егьырҭ абаандаҩцәа рҭагылазаашьақәа.
Абаандаҩцәа рыҭакразы иҟоу аҭагылазаашьақәа абаандаҩцәа рзинқәа еиленагоит, насгьы, зеиԥшла иуҳәозар, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ишьақәнаргыло анормақәеи астандартқәеи ирықәшәом;
Ахәышәтәырҭатә цхыраара мчылатәи абахҭақәа рҭыԥқәак рҿы (Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аамҭалатәи абахҭақәа аламҵакәа), ацхыраара рызҭаша аҳақьымцәа ыҟаӡам, убри аҟнытә аусбарҭаҿы иҭаку ауаа раԥхьатәи рхәышәтәратә гәаҭара амҩаԥгара залшахом. Уи адагьы, амедицинатә усзуҩы иҟамзаара актәи ацхыраара инагӡаны аҟаҵара алыршахом, уи аусбарҭақәа рҿы иҭаку ауааԥсыра ргәабзиара анырра анаҭар алшоит. Мчыла иахьҭаркуа аҭыԥқәа реиҳарак аҿы асанитартәи агигиенатәи астандартқәа рықәныҟәара зыҟаолм: хаҭалатәи ацәарҭақәа ҟаҵаӡам, аматрацқәеи, акьыԥхьқәеи, ацәарҭа маҭәақәеи рҭагылазаашьа угәы иақәшәом; абаандаҩы изы асанитартә ҭыԥ аиқәыршәара алшом; ицқьоу ацәарҭа ыҟам, аҽыкәабарҭақәа цәгьалаҵәҟьа иҟьашьуп, еицырзеиԥшу ашьашьмаҭрақәа рыдгалоуп; аамҭалатәи абахҭа акамерақәеи аҭыԥқәеи рҿы ацәаакыра ыҟоуп.
Мчыла иахьҭаркуа аҭыԥқәа жәпакы рҿы аҽазыҟаҵаратә гәараҭа ыҟаӡам, убри азын иҭаку ауаа аҳауа цқьаҿы аамҭа рыхгара алшара рымам.
Арҭ аҭагылазаашьақәа ирыбзоураны иарбоу аусбарҭақәа рҿы иахәҭоу ахылаԥшреи аанкылареи, иара убас агәабзиаразы иаҭаху абаҩрҵәыратә усура аиқәыршәара рылшом. Адәахьы аҟазаара ахьалымшо ацәеижьтәи ахшыҩтәи агәабзиара еицәанатәуеит, уи иахҟьаны иахәҭоу ариашара амҩаԥгара залшом.
Мчыла иахьҭаркуа аҭыԥқәа рҿы аусзуҩцәа русуратә ҭагылазаашьақәа инарыгӡо аусура аҟазшьеи ауадаҩрақәа рыҩаӡареи ирықәшәоит ҳәа аҳәара залшом. Мчыла иахьҭаку абахҭақәа зегьы рҿы аусзуҩцәа рызхара ыҟоуп, еиуеиԥшым аҩаӡараҿы аусбарҭақәа рматериалтәи атехникатәи аиқәыршәарақәа ԥхасҭахоит.
Амониторинг Жәлар Реизареи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рахь идәықәҵан. Ҳара агәыӷра ҳамоуп абжьгарақәа аҳасаб рзуны иконкреттәу алҵшәақәа ҳауеит ҳәа.
Амониторинг хра злоу аиҭакрақәа рзы адыррақәа аҵанакуамызт. Гәдоуҭатәи аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аамҭалатәи абахҭа аҭагылазаашьа иазкны имҩаԥгаз ажәалатәи ахцәажәарақәа раан, ҩымз рыҩныҵҟа аамҭалатәи абахҭаҿы акосметикатә еиҭашьақәыргыларақәа мҩаԥган, ҷыдала, афымцатә цәаҳәақәа ԥсахын, аӡы хьшәашәеи аӡы ԥхеи ҟарҵеит, насгьы акамерақәа шьақәдыргылеит.
Уи адагьы, 2024 шықәса цәыббрамза инаркны, агәыҳалалратә еиҿкаара ацхыраарала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аамҭалатәи абахҭаҿы ашьауӷа зқәырҵо аҳәса рхатә гигиена азы аалыҵқәеи аҩнытә ахимиатә маҭәашьарқәеи рыла реиқәыршәара мҩаԥысуеит; Аамҭалатәи абахҭаҿы аматрацқәеи ахчқәеи ԥсахуп.
4. Жәларбжьаратәи аусеицура
Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусбарҭа абзоурала, лаҵарамза 15, 2024 ш., Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусбарҭа аусзуҩцәа авидеоконференциала рхы аладырхәит аҵарадырратә семинар. Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинқәа рыхьчара иадҳәалоу амҩақәа алхразы.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аԥсны аҳәынҭқарра аомбудсмен ақ. Москва жьҭаара 9–10 имҩаԥысыз ҩ-усмҩаԥгатәк рҽалалырхәит: Евразиатәи Аомбудсменцәа Ральианс 9-тәи аилатәара (тема хаданы иҟан ауаҩытәыҩсатәи жәларбжьаратәи азинқәеи рыхьчара). 8-тәи Жәларбжьаратәи аконференциа “Ауаҩы изинқәа рыхьчара апроблемақәа: Аомбудсменцәа рԥышәа бзиақәа реимдара”, ауаҩы изинқәа агәабзиарахьчара иазкуп. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит 59-тәи атәылақәа рҟынтәи аомбудсменцәа, иара убас жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, Урыстәылатәи Афедерациа ашьақәгыларҭақәа рҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу, аҵарауааи аекспертцәеи.
Ԥхынгәымза 31, 2024ш. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иофис аҿы Анас Кьышьмариеи Алтаитәи атәылаҿацә аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Антон Васильеви реиԥылара мҩаԥысит. Аҭаара алҵшәақәа инарықәыршәаны, русеицуреи реизыҟазаашьақәеи рырҿиаразы Амеморандум рнапы аҵарҩит.
5. Аҭҵаарадырратә- практикатә усмҩаԥгатәқәа.
Аҩбатәи ашықәс еишьҭаргыланы азинмчра змоу иусбарҭа Ауаҩы изинқәа Рымш (ԥхынҷкәын 10) иазкны Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә практикатә конференциа мҩаԥнагоит, уи иахьӡын “Ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭреи ирызку агәаанагарақәа рхылҵшьҭреи рыҿиареи”. 2024 ашықәс азы уи ҳауаажәларра иаҵанакуа атема шьҭнахит: “Аҭаацәаратә институт ахьчара: аҩнытә қәымчра апроблема, уи аӡбаразы амҩақәа”. Аконференциа иалахәын Кыргызтәи Аҳәынҭқарра Акыикатчы (Аомбудсман) Аусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аҳәса рзы акризистә Центр (Санкт-Петербург) адискриминациа злам агендертә еизыҟазаашьақәа рзы аинститут (ИНГО) ахаҭарнакцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауниверситет ахаҭарнакцәа, астудентцәа. Авидеоконференциала рҽаладырхәит Приднестровиатәи Молдавиатәи Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҭаҭарсҭантәи Ареспублика, ақ. Москва рҟынтәи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу, Москва иҟоу Аҳәынҭқарратә биуџьеттә усбарҭа “Аҳәсеи ахәыҷқәеи рыцхырааразы акризистә центр” анаԥхгаҩы, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҟынтәи аҵарауаа.
Убри аамҭазы, 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭаз раԥхьатәи апланқәа рыдагьы, Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусбарҭа ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рынагӡара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы аусура мҩаԥнагеит. Ҳара агәыӷра ҳамоуп, ас еиԥш ахәшьара инақәыршәаны, иахәҭоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рынагӡара иадҳәалоу аҭагылазаашьа хра злоу аҿиара иазынархоу азакәантә, асоциалтә, аекономикатә, егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иазыхьиахоит ҳәа.
Аҵыхәтәаны, ҳтәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара иадҳәалоу акыр зҵазкуа даҽа темак сазааҭгылар сҭахуп.
Зегьы ишдыру еиԥш, аҵыхәтәантәи амзқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа Аԥсны атәылауаа ирыдҳәаланы имаҷымкәа аӡбарақәа рыдыркылеит: атәылауаҩра рымхра, адепортациа, Урыстәыла аҵакырадгьыл ахь анеира мап ацәкра, иара убас аҳәаанырцәтәи агентцәа рсиа алагалара.
Убас, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа Микааеи Кәарчиеи рганахьала, Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә шәарҭадара ашәарҭара иҭазыргыло русқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аанкыларазы ҵаҵӷәыс иҟҵаны алкаақәа ҟаҵан.
Урыстәыла атәылауаҩра змам Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Кәыӡба Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа далцаразы аӡбара рыдыркылеит, иара убас жәашықәса рыҩныҵҟа уи атерриториа аҭалара мап ацәкразы аӡбара рыдыркылеит. Абри аҩыза аӡбара рыдыркылеит Ҭырқәтәыла инхо даҽа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Ашәба изкны.
Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Инал Хашыг, Урыстәыла аиустициа Аминистрра аҳәаанырцәтәи агентцәа рсиа далагаларц азы аӡбара ҟаҵан.
Иарбоу ахҭысқәа 2025 шықәсазы ишыҟалазгьы, иахьатәи аилатәара амшхәаԥштә 2024 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусуразы ашықәстәи аҳасабырба ишазкугьы, уажәыгьы арҭ афактқәа рызхьамԥшра сылшом.
Зыӡбахә ҳәоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аԥсуа уаажәларра рдыруеит. Убри аҟнытә урҭ рбиографиақәа ргәалашәара, русура, реихьӡарақәа рылацәажәара аҭахӡам.
Иазгәаҭатәуп, урҭ руаӡәк, Кәаӡба, иара изкны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа ирыхҟьаны, аиҭаҵразы алшара ицәыӡит: Аԥсны Аҳәынҭқарра атерриториа ааныжьра илшом.
Ҳәарас иаҭахузеи, ҳара Урыстәыла аиҳабыратә усбарҭақәа русура ҳҽалаҳархәыр ҳалшом, аха уи иаанагаӡом Аԥсны аиҳабыра ҿымҭӡакәа итәаны аҭагылазаашьа рҽацәырыхьчароуп ҳәа.
Иара убас, Урыстәылатәи Афедерациа аусеилыргаратә комитет аҟынтәи иҟаҵаз аҳәамҭақәеи аҳасабырбақәеи ртәы зҳәо, Урыстәыла атәылауаа рзинқәа реилагара иадҳәаланы апроцессуалтә гәаҭарақәеи (атерроризм иазку ахәҭаҷгьы уахь иналаҵаны) ацәгьауратә усқәа ралагалареи ртәы ҳәатәуп.
Ари афактгьы Аԥсны аиҳабыра рганахьала иахәҭоу аҭак ҟамҵакәа иаанхеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәеи ачынуаҩцәеи ауаажәларратә ҭыԥ аҿы хыхь зыӡбахә ҳәоу Урыстәыла анапхгаратә усбарҭақәа ирыдыркылаз аӡбарақәа рзы акомментариақәа ҟазымҵо рҿымҭра иаднамкылартә иҟам ҳәа исыԥхьаӡоит.
Убри инамаданы, адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи, аиустициа аминистрреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп, Урыстәылатәи аҳәынҭқарра атәылауаа ҳҳәынҭқарра аганахьала ирыдыркылаз аӡбарақәа ирыдҳәаланы ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа ртәы Аԥсны ауаажәларра ирыладырҵәарц. Аԥсуа ҳәынҭқарра иалшом атәылауаа рыхьчаразы иаду аҭакԥхықәра ацәхьаҵра, мамзаргьы иахьатәи аҭагылазаашьа аилкааразы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара.
Сара агәра згоит, Аԥсны Аҳәынҭқарра асбарҭақәеи ачынуаҩцәеи иахьатәи аҭагылазаашьа иаадырԥшуа ареакциа ҳҳәынҭқарра аԥсҭазаара шалшо аанарԥшуеит ҳәа, уи инадҳәаланы, иаарласны ауаажәларратә ҭак аҟаҵаразы ааԥхьара рысҭоит. Убри аан, даҽазныкгьы иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны аурысцәа ирҿагылоу ацәаныррақәа шыҟам, ишыҟамыз, иҟамларгьы шалымшо.
Иара убас, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы.
Рыцҳарас иҟалаз, 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы ачымазаҩ дишьит, уи иахҟьаны апрокуратура аҳақьыми аҟәша аиҳаби рҿаԥхьа апроцессуалтә ҭҵаара амҩаԥгаразы адҵа ҟанаҵеит. Иахьа уажәраанӡа аусеилыргара мҩаԥысуеит, хыхь зыӡбахә ҳәоу ауаа рҿаԥхьа ацәгьауратә ус аартӡам, аҳақьымцәа асоциалтә еимадарақәа рҿы системала заа акритикақәеи ашәарҭарақәеи рзыҟаҵоуп, ааха зауз иуацәа ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы аҳақьымцәа иаабац режимла аусура рԥырхагоуп, уи егьырҭ ахәышәтәра зҭаху ачымазцәагьы ирныруеит.
Ҳара ауаажәларрахь аҳәара ҟаҳҵоит, азин змоу амчрақәа рыла имҩаԥгаз аусеилыргара официалла алҵшәақәа рылаҳәара ҟалаанӡа, ирццакуа алкаақәеи аусмҩаԥгатәқәеи рҽырцәырыхьчарц.
Иара убас, гәык-ԥсык ала аҭаацәа ргәырҩа рыцеиҩысшоит, архынҳәышьа змам ацәыӡ инамаданы, насгьы абри агәырҩа ахгаразы амч рыцзарц сҭахуп.
Аҳасабырба аверсиа зегьы шәыԥшаар шәылшоит абра
https://ombudsmanra.org/upload/iblock/e0a/e0aaee67321aafc637ef3ddb755987b4.pdf