Адунеизегьтәи ахҵәацәа рымш
20.06.2025

Адунеизегьтәи ахҵәацәа рымш азгәарҭоит рашәарамза 20 рзы, уи иаанарԥшуеит
аимакқәеи, ашьҭашәарыцарақәеи, ақәымчреи ирыхҟьаны зыҩнқәа аанзыжьыз ауаа
рзинқәеи рыпатуи рыхьчареи шхымԥадатәиу. Ари амш Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара
Ассамблеиа Хада 2000 шықәсазы ишьақәыргылан.
Адунеизегьтәи ахҵәацәа рымш — ари ацхыраара зҭаху рзы аилкаареи, адгылареи,
аицхыраареи рзы ашьаҿа аҟаҵаразы алшара ҳазҭо мшуп.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра