Азинмчра змоу Анас Кьышьмариа, Урыстәыла Амшныҳәа инамаданы, Татиана Москалькова лыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дәықәылҵеит
12.06.2025

Азинмчра змоу Анас Кьышьмариа, Урыстәыла Амшныҳәа инамаданы, Татиана  Москалькова лыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дәықәылҵеит
Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа
Урыстәылатәи Афедерациаҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аҷыдалкаатә зинмчы
змоу Татиана Москалькова лахь адныҳәалара дәықәылҵеит.
Ҳаҭыр зқәу Татиана Николаи-иԥҳа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла Амш!
Урыстәыла Амш — акзаареи агәадуреи ирсимволуп. Ари аныҳәамш Урыстәылатәи
Аҳәынҭқарра ашьақәгылареи, уи зқьышықәсатәи аҭоурыхи, иуникалтәу аҭынха дуи,  
ажәлар ракзаареи, азеиԥшреи, аусеицуреи ирсимволны иҟалеит.
Урыстәыла Амш аҽны хаҭала Шәара, Урыстәыла атәылауаа, Урыстәылатәи
Афедерациа адгылара рызҭо аҩызцәа, аҭынчреи аизҳазыӷьареи шәзеиӷьасшьоит!
Ишәыдныҳәало! Урыстәыла Амш шәыдысныҳәалоит!


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра