Асида Шьаҟрыл «АА аҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчра змоу изку» Азакәан Лаша Ашәба изыналышьҭит
11.04.2023
Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иинститут аԥҵара, Аԥсны
Аҳәынҭқарра Аконституциаҟны ишьақәырӷәӷәоу аԥсуа ҳәынҭқарра
ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рырӷәӷәаразы агәаҳәара шамоу
аанарԥшуеит. Аха хәышықәсатәи сԥышәа иснарбеит Ауаҩы
изинқәа рзы азинмчра змоу изку Азакәан, уаҟа иазгәаҭоу
азинмчрақәа еффективрала рымҩаԥгаразы алшара шунамҭо», -
азгәалҭеит лышәҟәаҿы Асида Шьаҟрыл.
Уи лажәақәа рыла, Азинмчра змоу изинтә статус арӷәӷәара
иахьаҵанакуа АА азакәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара
шхымԥадатәу иазку адгаларақәа, есышықәсатәи лажәахәқәа рҿы
иазгәалҭақәо, иашьашәалоу анырра рыҭамхаӡеит. Ажәахәқәа зегьы
рҿы иазгәаҭоу адгаларақәа Азинмчра змоу иусмҩаԥгара иазку,
Азинмчра змоу ихарҭәаау амеханизмқәеи аинструментқәеи
изҭақәо, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи реиқәырхара,
реиқәыршәара насгьы реиҭашьақәыргылара иазырхақәоу,
иаарԥшхеит Азинмчра змоу иаппарат аҟны еиқәыршәахаз иҿыцу
азакәанԥҵаратә акт – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу
изку» аҟны.
«Ҳара ҳахәаԥшрала, Азинмчра змоу иусмҩаԥгара ахки уи ароли
рыстатус аконституциатә ҟазшьа аҭатәуп, избанзар ауаҩы изинқәа
реилагара анапхгаратә усбарҭақәа рҟнытә иаауазар,
аконституциатә зинмчрақәа змақәоу, Азинмчра змоу урҭ
ирҿырԥшны зинла аиҟарамрахьтә аҭагылазаашьа дақәшәоит
анапхгаратә усбарҭақәа рыстатус иаҿыԥшны. Аконституциатә
статус Азинмчра змоу иинститут алшара анаҭоит еилагахаз ауаҩы
изинқәеи ихақәиҭреи реиҭашьақәыргылараҿы иҵегьы
аеффективра аарԥшра. Абри инамаданы аҳәынҭқарра-зинтә
политиказы Ахеилак аҟны абри азакәанԥҵара ҭҵаазарц анаҩс уи
АА Жәлар Реизара – Апарламент ахь иадгалазарц ақәнагоуп ҳәа
ҳахәаԥшуеит. Еффективроу аусеицуразы агәыӷра аарԥшразы
алшара сышәҭ, АА иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу истатус
аиӷьтәра иазынархахоу ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи
шеиқәыршәахо аҭакԥхықәра аиҿкаара хықәкыс иганы», -
азгәалҭоит Шьаҟрыл.