Асида Шьаҟрыл азинхьчаратә усбарҭақәеи атәылауаҩратә активистцәеи Зураб Ачба дызныз аҳаҭыртә шәҟәқәеи, аразратә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ԥараҿырпқәеи раналшьеит
13.04.2023

Залк аҿы аҳәсеи, ахәыҷқәеи, зылшарақәа ԥку ауааи рзинқәа
зыхьчо, иара убас атәылауаҩратәи аволонтиортәи усмҩаԥгара
знапы алаку зегьы, рылшамҭақәа алкааразы Ауаҩы изинқәа рзы
азинмчра змоу иаппарат аҟны еизылгарц лыӡбеит Асида
Шьаҟрыл.
«Шәбара даара сеигәырӷьеит, шәусуразы ҭабуп шәаҳәаразы
алшара ахьсымоу гәахәара дууп сара сзы. Иахьа еизаз
рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ажәашықәсақәа ирҭагӡаны аус дуқәа,
ҷыдалатәи азнеишьа аазырԥшыз, зны-зынлагьы имариам аусқәа
рынагӡашьа зылзыршаз ауаҩы изинқәа рыхьчара иахьаҵанакуа
зылшамҭақәа рацәаӡоу ауаа. Хәарада, ари азал аҟны иҟалар
рылшон хыԥхьаӡарала иҵегьы ирацәаҩны ауаа, ацхыраара зҭаху
ауаа ацхыраара рыдгалараҿы аџьа збақәо, уи иашьашәалоу
ахеидкылақәа рҿы аус зуқәо, ҳҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәеи
ихақәиҭреи аҳра ргаларц азы», лҳәеит Шьаҟрыл.
Агәыразратә шәҟәқәа рнаҩсгьы, Асида Шьаҟрыл атәылауаҩратә
хеидкылақәа рхаҭарнакцәа ԥшьҩык Зураб Ачба дызныз
агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа рылҭеит.
«Сара исыӡбеит агәыразратә шәҟәқәа ауаажәларратәи
аполитикатә усзуҩы, азинхьчаҩ, Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аиуразы
зыԥсҭазаара ақәызҵаз «Зураб Ачба» дызну агәаларшәагатә
ԥараҿырпқәа ргәыласҵарц. Сгәы иаанагоит ус еиԥш иҟаз ауаҩы
дахьҳалаз ҳаҭыр ҳазиқәзароуп, насгьы гәалсраны иаҳзыҟалароуп
уи дахьҳагу», азгәалҭеит Шьаҟрыл.
Омбудсмен иофис активла аус рыцнауан Аԥсны Аҳәса Рхеилак,
Агуманитартә программақәа рцентр, иара убас егьырҭ
ауаажәларратә хеидкылақәа. Лара илгәалалыршәеит АА Атәыла
Ахада иҟны акыр шықәса Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу
аппарат напхгара азҭоз Гьаргь Оҭырба, Дмитри Маршьан, Аԥсны
Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иинститут ҟаларц азы злагала
акырӡа ирацәоу.
Агәыразратә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ԥараҿырпқәеи ранашьан:

Аԥсны Ахәыҷтәы фонд ахантәаҩы Асида Ломиа – ахәыҷқәа
рзинқәа рыхьчараҟны акыршықәсатәи насгьы ааԥсара зықәӡами
аусмҩаԥгаразы иҟаҵоу алагалазы;
«Инва-аилазаара» Ахеилак аиҳабы Алхас Ҭҳагәышев –
азинхьчараҟны имҩаԥгоу аусқәа рзы;
Аԥсны аҳәса Рхеилак аиҿкааҩ Наҭелла Акаба – аҳәса рзинқәа
рыхьчара иазынархоу акыршықәсатәи аусмҩаԥгаразы;
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Аппарат азиндырҩы-аконсультант
Саид Гезердаа – апрофессионализмреи аҭакԥхықәреи, шәара
зқәым ажәлар ирылаҵәоу аусмҩаԥгарақәеи рзы.
Шьаҟрыл агәыразратә шәҟәқәа рзылшеит:
Аԥсны иҟоу УВКБ ООН аофис аиҳабы Роза Минасиан – Аԥсны
мрагыларатәи ахәҭаҿы инхо ауаа адгылара рыҭараҿы
акыршықәсазтәи лусмҩаԥгаразы;
Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа аиҳабы ҳаҭыр зқәу Родриго де Резенде
– амиссиаҿы акыршықәсазтәи иусмҩаԥгаразы;
Ахәыҷқәа-аинвалидцәа Рхеилак ахантәаҩы Виолетта Гагәылиа;
Аԥсны Адиабеттә аилазаара аԥҵаҩы Асида Адлеиба;
Атәылауаҩратә активист Амра Лакоиа;
АЕ «Панорама» анапхгаҩы Кама Аргәын.
Иара убас аҳаҭыртә шәҟәқәа ланалшьеит ихьыԥшым ажурналист
Надежда Венедиктова, Ахеилак «Инна-аилазаара» ареабилитолог
Арзадин Агрба, Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр анапхгаҩы Циза
Гәымба, «Самырзаҟантәи аинвалидцәа рхеидкыла» агәыҳалалратә
фонд акоординатор Ирма Изориа.
Алхас Ҭҳагәышев Асида Шьаҟрыл иаалырԥшыз ахшыҩзцаразы
ҭабуп иҳәеит иагьазгәеиҭеит уи иара ҳаҭыр дула дшазнеиуа.
Ахәыҷтәы фонд анапхгаҩы Асида Ломиа азгәалҭеит ари
агәаларшәагатә ԥараҿырп, лара ҳамҭас иланаршьаз – афонд
аусмҩаԥгара ахә ҳаракыла ашьара ишадыргоу. «Аӡәгьы акгьы
аҟаҵара илшомызт аидгылара ыҟамызҭгьы. Агәыразра ас еиԥш
иҟоу ахьӡ ҳарак, зыжәлар иртәышьҭраз, хьӡы ҳаракыла
зусмҩаԥгара назыгӡаз адҳәалара акырӡа аҵанакуеит. Зураб Ачба
ихьӡ Аԥсны хашҭра ақәымзароуп», - иҳәеит Ломиа.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра