Асида Шьаҟрыл адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба атәылауаа рконституциатә зинқәа еиқәырхазарц азы ашәҟәы изыналышьҭит
14.04.2023
Хәажәкырамза анҵәамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауаҩы
изинқәа рзы азинмчра змоу лаппарат ашҟа иаашьҭхеит арзаҳал АА
атәылауаҩы К.А. лҟынтә, АХП «Ԥсоу» Урыстәылатәи
Афедерациаҟнытә аҳәаа данахыҵуаз мзызда лаанкылара насгьы
азҵаара лзықәыргылара афақт аҭыԥ аман.
Ларзаҳал аҟны лконституциатә зинқәа еиқәырхазарц аҳәара
ҟалҵоит, ахәҭ. 13, 16 АА Аконституциаҟны иазгәаҭақәоу
инарықәыршәаны, иара убас Аԥсны иқәынхо егьырҭ ауаажәлар
рзинқәагьы еиқәырхазарц, ас еиԥш иҟоу раанҿасрақәеи
азҵаарақәа рзықәыргылареи раԥырҟәҟәаразы, урҭ изыниаз
иаахтны аиҭаҳәараҵәҟьа рҭахым.
К.А. Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лышҟа илҩыз арзаҳал аҟны
иазгәалҭоит хәажәкырамза 12, 2023 шықәсазы иара убас
жәахәкырамза 21, 2023 шықәсазы УА аҳәынҭқарратә ҳәаа
данахыҵуаз УА АШәМ (ФСБ) Аҳәаахыҵратә напхгара аусзуҩы хазы
игоу ауадаҟны дааԥхьаны азҵаарақәа лзықәыргыло далагеит. Иара
убри аамҭазы иазгәаҭатәуп азҵаарақәа ықәзыргылоз аӡәы
шиакәыз, К.А. дызхааникылаз амзызқәа ртәы шлеимҳәаз, иара убас
иарбоу азҵаарақәа рықәыргыларазы аиҿцәажәара аиҿкааразы
азинмчра шимоу атәы шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы шлыдимгалаз, аха,
К.А. лгәаанагарала, УА Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура
аусзуҩы иоуп.
"К.А. ларзаҳал аҟны излазгәаҭоу ала, арҭ аиҿцәажәарақәа сааҭқәак
имҩасуан, убри аамҭа иалагӡаны уи илзықәыргылан
еиуеиԥшымыз азҵаарақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа
атәылауаҩратә усмҩаԥгара иадҳәалақәаз, ҷыдала, лара напхгара
зылҭо аиҿкаара иазкын. К.А. лажәақәа рҟынтә, илыҿцәажәоз
инапхгаратәым аиҿкаарақәа егьырҭ атәылақәа рҟны инанагӡо
ароль атәы дазааҭгылеит иара убас иазгәеиҭеит аԥшшәы рацәа
змоу ареволиуциақәа рҟны урҭ ралалараҿы иааннакыло аҭыԥ.
Шәыхшыҩзышьҭра азхьарԥштәны иҳаԥхьаӡоит К.А. илыҿцәажәоз
ауаҩы анырра шлиҭоз лассы-лассы аҳәынҭқарратә ҳәаа дшахыҵуа
хшыҩзышьҭра аҭо, иаҳҳәозар аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа
ззыбжьам атәылақәа дшырҭаауаз, Ҭырқәтәылагьы налаҵаны, убарҭ
рылҵшәак аҳасаб ала атеррористцәа дрылахәзар ҟалоит ҳәа
ахҳәаа ҟаиҵеит. К.А. ларзаҳал аҟны иазгәалҭоит ас еиԥш иҟоу
аиҿцәажәарақәа лзеиԥш ҭагылазаашьеи лыԥсихикатә
ҭагылазаашьеи анырра шарҭаз, убарҭқәа ирыхҟьаны
аҽыхәышәтәра дшаҿу. Абраҟа иазгәаҭатәны иҳаԥхьаӡоит ас еиԥш
аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара УА АШәМ (ФСБ) Аҳәаахыҵратә
напхгара аусзуҩцәа рыла амассатәи асистематәи ҟазшьа аархәо
иалагеит», - аҳәоит Азинмчра змоу лышәҟәаҟны.
Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра аҭо, ап. 3 ахәҭ. 4 ахәҭаҷ 11 «Аԥсны
Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изку»
Азакәан инақәыршәаны, Асида Шьаҟрыл адәныҟатәи аусқәа
рминистр Инал Арӡынба ишҟа ашәҟәы лҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра
анҭыҵ иҟоу ҳтәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчаразы
аҭакзыԥхықәу аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы иаҳасаб ала,
Аԥсны атәылауаа рконституциатә зинқәа рыхьчаразы азыҳәа
азгәаҭаны. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 27
инақәыршәаны иара атәылауаа атәыла анҭыҵ аиқәырхара
шеиҿкаахо ихәдықәнаҵоит.
"АА Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шәара шәхаҿала К.А. илҩыз
арзаҳал Аргәын лзинқәа, иара убас лхақәиҭра аилагара афақт
қәнагалатәи анырра шаиуа ала агәыӷра ааҳарԥшуеит ", - лыҩуеит
Шьаҟрыл.