Асида Шьаҟрыл Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарата аусзуҩцәа имҩаԥыргаз русуразы ҭабуп ҳәа ралҳәеит
18.04.2023

Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл аколлектив
гәыцқьаралатәи, ииашаралоуи, ҳаҭырлатәи ахыдҵақәа
рынагӡаразы, иаадырԥшуа апрофессионализми аҭакԥхықәреи
рзы, азинхьчаратә принципқәа рзааигәаразы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.
«Азҵаара обиеқтивла азнеира қәҿиаралатәи ҳусқәа рынагӡара
иалҵшәахеит. Хаҭала зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп
иаашәырԥшуа шәеиҷаҳаразы, агәеиҟарара ахьаашәмырԥшуа, ауаа
ацхыраара рыҭара шәахьазыхиоу азы. Аԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа
акырӡа ирацәоуп, Аофис инанагӡараны иҟоу ахықәкқәа ҵыхәтәа
рымам. Шәыпрофессионалтә хықәкқәа рынагӡара шәылшарц
насгьы азинхьчаратә мҩа ианакәзаалак шәацәхьамҵырц
шәзеиӷьасшьоит», - лҳәеит Асида Шьаҟрыл.
Азинмчра змоу аҳаҭыртә шәҟәқәа раналшьеит Азинмчра змоу
Аппарат аиҳабы Саида Шамба, азиндырыҩ-аекспертцәа Анна
Ажәанбеи Мадина Ҳагәышьи, атәылауаа разыҳәарақәа рзы
азиндырыҩ Асҭан Ҳашыг, аҳасабеилыргаҩ Илона Акаба,

амаӡаныҟәгаҩ Виқториа Белиаева иара убас ажурналист
Елеонора Гилоиани.
Асида Шьаҟрыл иара убас ҭабуп ҳәа ралҳәеит Азинмчра змоу
аппарат ашьаҭаркраҿы злагала рацәаз аусзуҩцәа - Гәыдиса
Мамацев, Дана Кәыџба, Мадина Лазарева.
Хәажәкырамза 21 аҽны Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида
Шьаҟрыл лзинмчрақәа хыркәшахеит. Лара лзинмчрақәа
налыгӡоит Омбудсмен ҿыц далххаанӡа.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра