Анас Кьышьмариа Аԥсны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лаҳасаб ала далхуп
19.04.2023

Апарламент адепутатцәа Анас Кьышьмариа лзы рыбжьы рҭиит
Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лаҳасаб ала далххарц азы.
Кьышьмариа лкандидатуразы рыбжьы рҭиит 32-ҩык адепутатцәа,
иаҿагылеит – ҩыџьа.
«Омбудсмен имаҵура акырӡа зҵазкуа амаҵурақәа иреиуоуп
ҳтәылаҿы. Агәра шәсыргарц сҭахуп сдыррақәеи сыквалификациеи
рыла скомпетентра ашьашәалара ажәақәа рҿы мацара акәым,
сусқәа рылагьы аарԥшышьа сшақәшәо», – лҳәеит Анас
Кьышьмариа.
Анас Кьышьмариа диит цәыббрамза 19, 1987 шықәсазы Бзыԥ
аҳаблаҟны. Уи аҟәатәи абжьаратә школ №2 даушьҭымҭоуп иара
убас иреиҳау аҵара лоуит Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә
Университет аҟны (аԥсихологиа афакультет, аполитикатә
ԥсихологиа акафедра). 2008 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа –
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет апедагогикеи
аԥсихологиеи ркафедра рҵаҩыс аус луеит, Аԥсны атәыла Ахада
иҟны иаԥҵоу Астратегиатә Ҭҵаарақәа Рцентр специалистс аус
луан.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра