Асида Шьаҟрыл аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иахьаҵанакуа хыԥхьаӡара рацәалатәи аԥҟареилагарақәа ирызкны Аминистрцәа реилазаара анырра ахьыҟарымҵо ахҳәаа арҭарц аҳәара ҟалҵоит
20.04.2023
Мшаԥымза 20, 2022 шықәса Аԥыза-министр ихьӡ ала инашьҭын
азыҳәа, уаҟа иазгәаҭан агәҭынчымра, уи зызкызгьы
ажәашықәсақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рзы
аҭоурыхтәи, аҭҵаарадырратәи, асахьаркыратәи, егьырҭ
акультуратә ҵакы змоу аобиектқәа қәнагалатәи хылаԥшра
ахьазнамҭо. Ари аҩыза ҟалоит, раԥхьаӡа иргыланы, арҭ азҵаарақәа
ҭышәнзыртәало, изықәнагоу анорматив-зинтә актқәа ахьыҟам
иахҟьаны.
«Убри адагьы, ари ашәҟәаҟны ҳара хшыҩзышьҭра аҳҭеит зыламыс
цқьам ачынуаа ирыдыркыло аӡбамҭақәеи имҩаԥырго аусқәеи
ирылҵшәаны АКҬ аобиектқәа ԥырхага шроуа, лассы-лассы АКҬ
астатус ԥсахуа, ареспубликатә хаҭара аҟнытә амуниципалтә ашҟа
ииагахоит амчра змоу азакәанԥҵара еилагауа. Ишьақәыргылоу
аиҿкаашьа еилаго АКҬ аобиектқәа априватизациа рзухоит,
амуниципалтә хаҭараҟны иҟақәоу, аргылара акәзар, имҩаԥысуеит
ихымԥадатәу аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аиқәырхара
ахымԥадатәра ақәныҟәарада», - лыҩуеит Шьаҟрыл Аԥыза-министр
ихьӡ ала еиқәлыршәаз ашәҟәаҟны.
Уаанӡа Асида Шьаҟрыл атәыла анапхгара аҭоурых-культуратә
ҭынха аобиектқәа ирызкны иарбанзаалак аусмҩаԥгаразы
аморатории азышьақәыргылатәуп ҳәа азгәалҭеит, дара
реиқәырхара иазырхоу мацара аламҵакәа, изықәнагоу анорматив-
зинтә усшәҟәқәа рыдкылахаанӡа, АКҬ аобиектқәа ган рацәала
реиқәырхара ҭышәнзыртәалоуи еиҿызкаауеи.
«Угәы унархьуазаргьы, аморатории иадҳәалоу адгалара
Аминистрцәа реилазаара аҟнытә анырра ҳәа акгьы амоуит, иага
аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ақ. Аҟәа аҭоурых-культуратә хәҭа
иахьаҵанакуа аргыламҭақәа рхыԥхьаӡара шацлоугьы, иара убри
аамҭазы еилагахоит АКҬ реиқәырхара иазку анорматив-зинтә
актқәа еиҿызкаауа анормақәа. Аха иара убри аамҭазы
ихымԥадатәу анорматив-зинтә актқәа иахьагьы ирыдкылаӡам, иага
ари азҵаараҿы урҭ акырӡа зҵазкуа аҭыԥ шныркылоугьы. Убри
инеиҳангьы, аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә напхгарақәа русбарҭақәа
иҟоу анорматив-зинтә актқәа рықәныҟәарагьы рҭахӡам,
аҳҭнықалақь аҭоурых-культуратә хәҭа иахьаҵанакуа аргыларақәа
ҳәаақәызҵақәо.
Анагӡаратә мчра иаанарԥшуа абри азҵаарала анырра
аеффективра рыгуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, уимоу, зны-зынлагьы
ихымԥадатәу азинтә шәҟәқәа рыдкылараҟны аамҭагара аҭыԥ
амоуп ҳәагьы азгәаҳҭоит, убарҭқәа ирылҵшәаны зыламыс цқьам
ачынуаа аҳҭнықалақь аҟны аҭоурых-культуратә хәҭа иахьаҵанакуа
аргыламҭақәа реиҿкааразы алшара рнаҭоит, аҳҭнықалақь аҟны
хазы игоу аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхаразы
ахымԥадатәрақәа хшыҩзышьҭра амҭо, Аҟәа ақалақь аҭоурыхтә
хаҿра иааидкыланы аиқәырхара иазымхәыцуа.
Ачынуаа, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иахьаҵанакуа
аилагарақәа анырра ахьрырымҭо, аҭакԥхықәра ныҟәзымгақәоуи
акультуратә ҭынха ахьчара иадҳәалоу Аԥсны жәлар рзинқәа
еилазгоуи роуп ҳәа ҳрыхәаԥшуеит.
Анорматив-зинтә база аҟамзаараҿы, АКҬ ахьчара ган рацәалатәи
ахьчара еиҿызкаақәо, АКҬ аобиектқәа ирзынарханы иарбанзаалак
аилагарақәа рзы аморатории еиҿкаахарц аамҭа ахмырԥакәа
аӡбамҭа адкылатәуп ҳәа ҳахәаԥшуеит, дара реиқәырхара
иазынархақәоу мацара аламҵакәа», - аҳәоит ашәҟәаҿы.
Хыхь иазгәаҭоу хшыҩзышьҭра аҭо Азинмчра змоу аҭоурых-
культуратә ҭынха ахьчара иахьаҵанакуа хыԥхьаӡара рацәалатәи
аԥҟареилагарақәа ирызкны Аминистрцәа реилазаара анырра
ахьыҟарымҵо ахҳәаа арҭарц аҳәара ҟалҵоит, аҳҭнықалақь аҭоурых-
культуратә хәҭаҿы ишабалак имҩаԥысуа аргыларақәа изықәнагоу
аргыларазы ахымԥадатәрақәа ирықәымныҟәакәа иахьеиҿкаахо.