Анас Кьышьмариеи Мақтина Џьынџьалԥҳаи аимадареи аусеицуреи рызҵаатәқәа ирылацәажәеит
12.05.2023

Лаҵарамза 12 аҽны Ахәыҷқәа рзинқәа рзы Азинмчра змоу
Лаппарат аофис аҟны АА аҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра
змоу Аппарати АА аҟны иҟоу Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу
Аппарати русзуҩцәа аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит.
Амшхәаԥштә аҟны иазгәаҭан Аппаратқәа реимадара иазку
аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра иҵегьы еффективрала арзаҳалыҩҩцәа
рзинқәеи рзакәантә интересқәеи реиқәыршәара хықәкыс иганы.
Насгьы, абри аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Мақтина Џьынџьалԥҳа
Анас Кьышьмариа адныҳәаларатә аҳаҭыртә шәҟәы ланалшьеит
Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лакәны дахьалххаз азы.
Ирылацәажәеит иара убас хазы игоу азҵаатәқәагьы, урҭ
азҵаатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура мҩаԥысуеит.
Аҩбагьы аганқәа анаҩстәи лҵшәалатәи русеицура шацҵахо
шьақәдырӷәӷәеит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра