Анас Кьышьмариеи приднестровиатәи аколлега Виачеслав Косински анлаин-форматла реиԥылара мҩаԥысит
24.05.2023

Азинмчра змоу лаппарат аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу
Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кьышьмариеи
Приднестровиатәи Молдавтәи Ареспубликаҟны иҟоу Ауаҩы
изинқәа рзы азинмчра змоу Виачеслав Косински реиԥылара
мҩаԥысит.
Аиԥылара иалахәын иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу
Приднестровиатәи Молдавтәи Ареспублика Азинмчра нагӡа змоу
ахаҭарнак Гарри Кәпалбеи Приднестровиатәи Молдавтәи
Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчра нагӡа змоу
ахаҭарнак Алеқсандр Ватамани.
Виачеслав Косински Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа
рзы азинмчра змоу лаҳасаб ала Анас Кьышьмариа лалхра
лыдиныҳәалеит, иара убас ауаҩы изинқәа рыхьчара иахьаҵанакуа
русеицура анаҩс ишыҿио ала агәыӷра ааирԥшит.

Анас Кьышьмариа адныҳәаларақәа ҭабуп рхылҳәааит
иагьазгәалҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи
Молдавтәи Ареспубликеи иахьрыҵаркуа ауаа рзинқәеи
рхақәиҭреи реиҿкаара ган рацәалатәи аусеицура дшазыхиоу,
лкомпетенциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, азыхиара аалырԥшит.
Иара убри аамҭазы Азинмчра змоу аинициатива лыманы
дықәгылеит анаҩстәи аиԥыларақәа рҟны АА аҟны иҟоу Ахәыҷы
изинқәа рзы азинмчра змоуи уи ахырхарҭала аус зуқәо аппарат
аусзуҩцәеи алархәны аусмҩаԥгарақәа шеиҿылкаауа.
Жьҭаарамза 9, 2019 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы
изинқәа рзы азинмчра змоу аофис аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны
иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоуи Приднестровиатәи
Молдавтәи Ареспубликаҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра
змоуи рыбжьара аусеицура иазку Амеморандум анапы аҵаҩын.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра