Аҿар реиҿкаара «Ҳараҳпицунда» активистцәа аамҭала рҭакра инамаданы Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа иҟалҵаз ахҳәаа
04.05.2023

Лаҵарамза 4, 2023 шықәсазы ақ. Аҟәа иатәу Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьауӷатә
ԥшаарақәа русзуҩцәа аҿар реиҿкаара «Ҳараҳпицунда» активистцәа аамҭала
иҭаркит.
Урҭ аамҭала рҭакра иамзызхеит, иҟоу аинформациа инақәыршәаны, аплакатқәа
(абаннерқәа) рыкнаҳаразы азыхиарақәа имҩаԥыргоз, уи ауаажәларра-кырзҵазкуа
азҵаарақәа ирызкны ргәаанагарақәа азгәаҭан, Аԥсны Аҳәынҭқарра еицырдыруа
аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа рцитатақәагьы налаҵаны.
Аханатә аиҿкаара активистцәа ақ. Аҟәа иатәу ААР ашҟа иааԥхьан урҭ имҩаԥыргоз
акциа иазкны ахҳәаа иҟарҵаз азы, иара убри аамҭазы активистцәа рахьтә ҩыџьа
ирзынарханы еиқәыршәан азакәанеилагара иазку имаҷу ацәгьаҟаҵара ахәҭаҷ ала
аԥкаанҵа.
Абраҟа иазгәаҭатәуп аиҿкаара активистцәа ақ. Аҟәа ала ААР ашҟа ишааԥхьаз
ашьыжь асааҭ 5:30 рзы. Активистцәа рыхәҭак аужьын х-сааҭк анҵы ашьҭахь, аха
активистцәа рахьтә ҩыџьа ирзынарханы азакәанеилагара иазку имаҷу ацәгьаҟаҵара
ахәҭаҷ ала аԥкаанҵа ззеиқәыршәаз, аурыжьит асааҭ 11:00 рзы.
Азинмчра змоу иазгәалҭоит азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иҟарҵаз Аԥсны
Аҳәынҭқарра амчра змоу азакәанԥҵара шеиланаго.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ишьақәнаргылоит хәдықәҵасгьы иагоит
ахшыҩзцареи ажәеи рзы ахақәиҭра шыҟоу (ахәҭаҷ 14), аиҭанеиааиразы ахақәиҭра
(ахәҭаҷ 16) иара убас аҭынчра иазырхоу акциақәа рымҩаԥгара (ахәҭаҷ 17).
Иара убри аамҭазы, «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаажәларратә акциақәа рымҩаԥгара»
захьӡу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан иҳәаақәнаҵоит уи аиҿкаашьа насгьы ас еиԥш
иҟоу амассатә усмҩаԥгарақәа реиҿкаашьа шьақәнаргылоит, иҳҳәозар: амитинг,
аизара, ақәгылара, адемонстрациа, иара убас даҽа жәлар ирбарҭахаша
аусмҩаԥгатәқәа.
Аҿар реиҿкаара имҩаԥыргарц ргәы иҭаз аусхкқәа, Азинмчра змоу лгәаанагарала,
хыхь иазгәаҭоу анормақәа ирышьашәало иҟам, иаанаго, урҭ русхкқәа амассатә
усмҩаԥгарақәа реиҿкаара ԥырхагак азухартә еиԥш иахәаԥшызар ауам.
Убри инамаданы, Азинмчра змоу лгәаанагарала ас еиԥш иҟоу акциа заа азин аиура
(ақәыршаҳаҭра) азы ахымԥадатәра ыҟамызт аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә напхгара
аганахь ала, ахшыҩзцареи ажәеи рхақәиҭразы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа
изин знаҭоз, рҳәааркра шьаҭарадахеит.
Убри адагьы, Азинмчра змоу хымԥада иазгәаҭатәны илыԥхьаӡоит Аԥсны
Аҳәынҭқарра административтә ԥҟареилагарақәа ирызку Акодекс (анаҩс - АА АԤА,
Акодекс) Аахәҭаҷ 3 инақәыршәаны административтә ԥҟареилагаразы шьҭас
иазышьҭахар ауеит аусмҩаԥгарақәа, азинеилагарақәа рҷыдаҟазшьақәа зегьы
зныԥшу, Акодекс аҿы иазгәаҭақәоу.
Ас еиԥш иҟоу административтә харақәҵаразы ихымԥадатәу алҵшәақәа иреиуоуп,
ацәгьаҟаҵара маҷ еиԥш иҟоу, ауаажәларратә еиҿкаареи ажәлар рыгәҭынчреи
реилагара.
АА АԤА инақәыршәаны ацәгьаура маҷ иаанаго ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы
иакәымла ацәажәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра цәгьаурала рызнеира иара убас уи
еиԥшу ацәгьаҟаҵарақәа, ауаажәларратә ҭышәынтәалареи аҭынчреи еилазго.
Азинмчра змоу лгәаанагарала активистцәа иҟарҵо аҿы административтә
зинеилагарақәа ыҟаӡам, АА АԤА ахәҭ. 166 (ацәгьаура маҷ) инақәыршәаны.
Хыхь иарбоу хшыҩзышьҭра аҭо, «Ҳараҳпицунда» активистцәа рыгәҭахәыцреи,
ражәеи реиҭанеиааиреи рҟны аԥкрақәа рышьақәыргылара, урҭ кыраамҭатәи

рҭакреи, иара убас урҭ ирзынарханы административтә зинеилагара иазку
аԥкаанҵақәа рышьақәыргылареи изакәантәыми шьаҭара злами ракәны иҳаԥхьаӡоит.
Азинмчра змоу азинхьчаратә усбарҭақәа рзинмчрақәа реизырҳарахь рхы дмырхарц
рыхшыҩзышьҭра азхьалырԥшуеит, иара убас аинформациа аларҵәара, иҟаҵәҟьоу
афақт знырԥшым, иахымыццакырц аҳәара ҟалҵоит.
Азинмчра змоу Аппарат аҿар реидгыла «Ҳараҳпицунда» еилагахаз рзинқәа
реиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара рыдгалара ацнаҵоит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра