Анас Кьышьмариа АА адукатцәа Рпалата шьақәгылеижьҭеи 100-шықәса аҵра рыдылныҳәалеит
05.05.2023

"Шәышықәса рыҩныҵҟа Аԥсны адукатцәа ауаатәыҩсатә хаҿқәеи азинхаҿқәеи
рзинқәеи, рхақәиҭреи иара убас ринтересқәеи рыхьчара иазырхоу, иара убас
азинхьчарҭахь анеирҭа аиҿкаареи ирызку аусқәа мҩаԥыргоит.
Иарбанзаалак аамҭазы хыԥхьаӡара рацәала ауаа хкыла еиуеиԥшым азиндырратә
цхыраареи аиқәырхареи рус аҟны адгылара рҭахуп. Иҿиоу атәылақәа рҿы,
зхыԥхьаӡараҿы Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы иҟоу, ус еиԥш ацхыраара рыԥшаарц
рылшоит адукатцәа реилазаараҟны.
Ҳәынҭқаррада азин ыҟам, иара убасҵәҟьа зинда аҳәынҭқаррагьы ыҟам», - ҳәа
азгәаҭоуп адныҳәалараҿы. Хазы Азинмчра змоу иалылкаауеит ҳаамҭазтәи атәылақәа,
иара убас Аԥсынтәылагьы, афундаменталтә институтқәа ишырхыԥхьаӡалоу адукаттә
институтгьы. Анас Кьышьмариа лгәаанагарала адукаттә институт акырӡа аҵакы ду
амоуп азинхьчарахь анеирҭеи, аусӡбаратә еилыргараҿы аганқәа реиҿкаашьеи
рзинеиҟарареи реиԥш иҟоу адемократиатә принципқәа реиқәыршәара аусхк аҟны.
"Исышәҭ азин Шәареи иара убас адукатцәа Рпалатеи акырӡа имариам, ҷыдалатәи
азнеишьа зҭаху, насгьы ааԥсара зықәӡам шәџьазы агәыразра аасырԥшырц насгьы
ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, ачҳара, апрофессионалтә қәҿиарақәеи
аманшәалареи», - азгәалҭоит Азинмчра змоу.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра