Ԥхынҷкәын 14, 1992 ш. иҟалаз арыцҳара даҽазнык иҟамлароуп.
14.12.2023

Қырҭтәыла Агоссовет ар аконтроль ззырзуаз  аҵакырадгьыл аҿы, ПЗРК ала изеихсыз  Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа зхы хаз агуманитартә реис, Урыстәылатәи Афедерациа  авертолет Ми-8 ВВС иҭатәаз 85-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи.  
Ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа ҩбаны иҟоу астандартқәа рполитикеи, жәларбжьаратәи азин адеградациа аполитикеи, иара убас атәыла агуманитартә зҵаарақәа мацара ирызкуп ҳәа аҳәамҭа ҟазҵо зынӡаск иақәыӡбом,  еиҳагьы ауаа абомбарылажьреи, ауаа шас рыҟаҵареи  иадгылоит, Аԥсны иҟалаз, ԥхынҷкәын 14, 1992 ш.  атрагедиа иҭынчу ауаа рахьтә абџьар ахархәара атәы шыҟамло гәаларшәазароуп.  
Аибашьра - ари хымԥада иҿаасҭоу, ицәгьоу аспектқәа зегьы ацуп. Аибашьра аконвенциагьы иақәныҟәароуп. Аха уажәтәи аамҭазы адунеи аҿы, 21 ашәышықәсазы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыхьҟаны, аибашьратә цәгьоурақәа рсиа иацҵахоит. Аҭынхацәа рцәыӡра агәаҟра иаҵо ахьаа, аамҭа иахәышәтәуам. Аԥсны зегьы, ԥхынҷкәын 14 рзы, 1992 ш. иԥжәаз авертолет иҭаблыз, зыуацәеи зҭынхацәеи зцәыӡыз ауаа ргәырҩара рыцеиҩыршоит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра