14 шықәса ҵит - Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵижьҭеи.
04.03.2024

Хәажәкыра 4 – ари алахьеиқәҵаратә мшуп, иԥсҭазаара далҵит Раԥхьатәи Аԥсны Ахада Владислав Григории-иԥа Арӡынба, ҳаламҭалазтәи Аԥсны аҳәынҭқарра ашьаҭа азыркыз Владислав Арӡынба. Владислав Арӡынба- аԥсуа идоуҳа илан, аԥсуа жәлар иазҷыдоу ахақәиҭра абзиабара, агәадура ааирԥшуан. Абас еиԥш иаалукааша ахада дҳамамызгьы, ажәлар аҭоурыхтә фырхаҵаразы ргәеизырҳара цәгьахон, насгьы Аԥсны ахьыԥшымра аиура гәыхәтәысгьы иаанхон.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра