Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь 75 ихыҵра
04.03.2024

Хәажәкыра 4 рзы, Аԥсны аҳәынҭқарра Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ииубилеи азгәарҭоит (1949 – 2ҭ11 гг.). Ари амш аҽны иара ихыҵуан 75 ш.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4, 1949 ақ. Аҟәа. Аԥсны аҳәынҭқарра аполитика аҭоурых аҿы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иҷыдоу, ихадоу уаҩын. Иара иеихьӡарақәа Аԥсны ауаажәлар ирхашҭраны иҟам.  
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь  Аԥсны Ахадараҿы ҳҳәынҭқарра дахагылан 2005 ш. инаркны 2011 ш., аҭагылазаашьа ауадаҩрақәа хьаас имкыкәа, иара есымша ауаҩреи аҟәыӷареи ааирԥшуан, иуаажәлар ринтересқәа ишақәнаго дрызнеиуан, аҳәынҭқарра аҩныҵҟеи анҭыҵи.  Дыздыруаз иалыркаауеит иҿыдоу идипломатикатә  баҩхатәра, имчхара, иуаҩра. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихьӡ иадырҳәалоит Аԥсны аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара. Иара бзиа дырбон Аԥсны иқәынхо ауаажәлар, аус ицызуаз зегьы, иара убас иоппонентцәагьы пату иқәырҵон, насгьы урҭ рахьынтә згәаанагарақәа зыԥсахуазгьы ыҟан. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихцәажәараан, ихәҭо аҳәаразы ажәақәа алхра уадаҩуп.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь инаԥхгарала Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит, уи ашьҭахь Венесуела, Никарагуа, Науру, Тувалугьы. Иара иуаажәлар рзын дҵабыргын, ахаангьы ажәа хаада даҽак зымҳәоз, насгьы астатусла ма ԥарала-шьарала ауаа еилызымхуаз уаҩын.
Аԥсны ауаажәлар есышықәса ари амш ҳаҭырла иазгәарҭоит, Аԥсны аҳәынҭқарра аизҳаразы, аҿиаразы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иҟаиҵаз алагала аргәаларшәаразы.
Иара иҟазшьа аанарԥшуеит ажәытәтәи аԥсуа жәаԥҟа - «Ауаа рзы инхо – зегьы дрыуоуп». Ари амш ҳауаажәлари хҳәынҭқарреи рышьақәыргылара ирныԥшыз, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәымшәареи, ихыамеигӡареи мшуп ҳәа иазгәаҳҭоит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра