Ахатәы бызшәа амш.
21.02.2024

Ахатәы бызшәа жәларбжьаратәи амш ҳәа абҵарамза 1999ш. ИУНЕСКО ихадоу аконференциаҿы иазгәаҭан, насгьы жәабранмза 2000 ш. инаркны есышықәса иазгәарҭоит. Ари амш азгәаҭара, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа хада 2002 ш. ралкаауп ҳәа иршьоит. Ари амш ихадоу хықәкыс иԥхьаӡоуп – абызшәатә ҭынха аиԥшымзаара ахьчареи, акультурақәа реиԥшымзаара ацхыраареи. Абызшәа- ҳазлацәажәо ахархәага мацарам, ҳара ҳкультуреи ҳаиԥшымзаареи ршьаҭоуп. Аглобализациа аҭагылазаашьақәа ашьагәыҭтә бызшәақәа рацәаны иаҵанакуеит, иара убас аԥсуа бызшәагьы аныӡаара иаҿуп. Иарбанзаалак абызшәа аиқәырхара иара аҵареи арҵареи ала иалагатәуп, убри азын, иахьа ҳара иаҳуалуп иҷыдоу ҳбызшәа аиқәырхара, насгьы аҿар агәыблра дыркра. Ари амш еиҳараӡак аҵакы амоуп апоет, ашәҟәыҩҩы, аԥсуа алитературатә бызшәа аҩыра апатриарх Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа ииубилеи азы.
Иара убас ари амш ахатәы бызшәа ахы иақәиҭны ахархәара алшара аҵанакуеит. Аԥсны аҳәынҭқарра аконституциа ишаҳәо ала, ҳақалақь агарантиа рнаҭоит, Аԥсны аҳәынҭқарра иқәынхо аетникатә гәыԥқәа зегьы рхатәы бызшәа рхы иақәитны ахархәара. Ахатәы бызшәа жәларбжьаратәи амш ҳаанаԥхьоит ҳбызшәа аиҷаҳара, насгьы иара ауникалреи, уи абызшәала ицәажәо ауаажәлар рҭоурыхи ахьчара.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра